АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Мшаҧы.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала иира Амш инамаданы адныҳәаларақәа аауеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала иира Амш инамаданы адныҳәаларақәа аауеит.

Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа. 

«Аԥсны Аҳәынҭқарра шәанахагыл инаркны, Шәара аҭакԥхықәра дууи ахықәкынагӡареи аарԥшны ҳтәыла аҿиара иазку иуадаҩу азҵаарақәа рыӡбара шәнапы ашәыркит. Шәара шәнапхгарала, Аслан Гьаргь-иԥа, Аԥсны анхара аҩаӡара ашьҭыхреи ҳтәылауаа реизҳазыӷьареи  иазырхоу акыр зҵазкуа апрограммақәеи апроектқәеи рынагӡара мҩаԥысуеит.  

Агәра ганы сыҟоуп, Шәара аринахысгьы Аԥсны хра злоу аҿиара азы инашәыгӡало аусура иабзоураны атәыла арӷәӷәара адагьы аҳәаанырцәтәи атәылақәа аус рыцура аҳәаақәа рырҭбаареи шалыршахо».

Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски. 

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Ҳаҭыр ду шшәықәысҵо азгәаҭаны, азин сышәҭозар, гәык -ԥсыкала ишәыдысныҳәалар сҭахуп Шәира Амш!

Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аҿы шықәсырацәа зҵазкуа, аиашьаратә ажәларқәа ринтересқәа ирықәшәо  Аԥсни Приднестровиеи рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аусеицуреи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи акыр ҳаҭыр ақәырҵоит. Агәра ганы сыҟоуп Шәара шәԥышәеи шәдыррақәеи ирыбзоураны иҳабжьоу аҩганктәи апартниортә еизыҟазаашьақәа анаҩсгьы аҿиара шаиуо.

Ари амш аҽны, ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит раԥхьа иргыланы агәабзиара, агәамч, аҭынчреи аизҳазыӷьареи, шәнапы злаку аҭакԥхықәра ду зцу аҳәынҭқарратә усура аҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи!»

Аԥснытәи аидгьылуаа еидызкыло Арегионалтә Уаажәларратә Еиҿкаара «Москватәи Аԥсуа диаспора» ахантәаҩы Беслан Агрба.

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

«Москватәи Аԥсуа диаспора» ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи шәира Амш аҽны гәыкала иҟаҵоу адныҳәаларақәа шәыдышәкыл.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аԥсуа ишықәснҵыра ду, аҭычра, аизҳазыӷьара, ахирра.

Ишәзеиӷьасшьоит Аԥсадгьыл аизҳазыӷьара иазкны алҵшәа бзиа аазырԥшуа аусура, шәусура иахәҭоу ахәшьара арҭарц Аԥсны иқәынхо ажәлар зегьы.

Ҳара ҳганахьала есымша аусеицуреи Аԥсны аҿиареи апозициақәа рырӷәӷәареи иазку апроектқәа рынагӡара аҿы иҳалшо ала ацхыраареи ҳазхиоуп».  

Аԥсны Ауаажәларратә Палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычԥҳа. 

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәа рыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәира Амш!

Шәнапы злаку аҳәынҭқарратә  ус аҿы ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәеи аихьӡара дуқәеи. Ихьыԥшым ҳҳәынҭқарра аизҳазыӷьара инамаданы шәҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа қәҿиарала рыӡбараҿы шәылшара ԥкымзааит, зегь рыла шәманшәалазааит! 

Хаҭала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡара ҿыцқәа, агәалаҟара бзиа!».     

 

 

 

 


Read 244 times - Аҩаша, 09 Мшаҧы 2024 11:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.