АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Мшаҧы.2024

33 цыра амаининг-аппаратқәа рымхра мҩаԥыргеит Очамчыра ақалақь аҿы.

Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 4 маининг-ферма ықәгоуп Очамчыра ақалақь аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Аекономикатә шәарҭадара Аусбарҭеи УЭБиПК «Амшынеиқәафымцамч» аусзуҩцәа алархәны имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатә иалҵшәаны иаарԥшын изакәанымкәа акриптовалиута арҳара иазку аобиектқәа жәпакы. 

Убас, Шьынқәба имҩала игылоу Хачаа Анатоли Руфим-иԥа иҩны аҿы ирыԥшааит 4 маининг-аппарат. 

Лакоба имҩала игылоу ахатәыҩны аҿы ирыԥшааит   15 цыра аус зуаз акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа.  Иабоу амаругақәа зтәу Кәачахьиа Роза Аполлон-иԥҳа лоуп.

Школьнаиа амҩала игылоу аҩны аҿы инхо Ҭарба Анатоли Сосо-иԥа имхын 5 аппаратк.

Кәартаа имҩала игылоу аҩны аҿы ирыԥшааит Кахетиӡе Оҭар Гьаргь-иԥа итәыз 9 цырак изакәанымкәа аус зуаз амаининг-аппаратқәа.  

Зынӡа иааизакны зконфискациа мҩаԥгаз аппаратқәа рхыԥхьаӡара 33 цыра рҟынӡа инаӡоит. Урҭ зтәыз рганахьала административтә хьырхәра ауснагӡатәқәа мҩаԥгоуп. 

 

 


Read 100 times - Аҩаша, 09 Мшаҧы 2024 10:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.