АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Мшаҧы.2024

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы В.И. Матвиенко лиубилеи лыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза  7, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы В.И. Матвиенко лиубилеи лыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа!

 

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира.

Шәара шәнапы злаку аҳәынҭқарратә усура зегьы хамеигӡарада Аԥсадгьыл амаҵ аура иазкуп. Шәыпрофессионализм, астратегиатә уснагӡатәқәа лыҵшәабзиала рыӡбараҟны ишәымоу аихьӡарақәа ирыбзоураны Шәара ҳазҭагылоу аамҭазы иналукааша Урыстәыла аҳәынҭқарратә усузуҩцәа шәыруаӡәкуп. 

Аԥсны-урыстәылатәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иашәҭо адгылара иалҵшәахеит Аԥсны жәлар ҷыдала ишәықәырҵо аҳаҭыр.

Шәара хаҭала шәалахәрала активла аҿиара иаҿуп Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки русеицура.

Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа, абри амш ссир аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡара ҿыцқәа ҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҟны".

 

 

 


Read 42 times - Аҩаша, 09 Мшаҧы 2024 13:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.