АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Мшаҧы.2024

Марина Аршба «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ лыхҵоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аспециалист хада Марина Аршба  «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ лыхҵоуп.  Уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыли  Аусбарҭа аколлективи Марина Коллоди-иԥҳа Аршба иҳараку ахьӡ лыхҵара лыдырныҳәалоит, илзеиӷьаршьоит агәабзиареи аизҳазыӷьареи.

Атәылахьчара аминистр, Мрагыларатәи афронт  1-тәи аполк акомандаҟаҵаҩы, Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-полковник  Владимир Ануа инапы зҵаиҩыз анашьамҭатә шәҟәы аҿы, ахәҭакахьала, абаталион «Каҭран» агәыԥ «Стрелец» адәытә медиаҳәшьа  Марина Каллоди-иԥҳа Аршба 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны аԥсадгьыл ахьчаҩцәа дрылагыланы апартизантә қәԥара активла лхы алалырхәуан ҳәа иазгәаҭоуп.

 Аԥсны алегендартә фырхаҵа Даур Занҭари акомандаҟаҵаҩыс дызмаз агәыԥ «Каҭран» аилазаараҿы Марина Аршба агәаӷьреи афырхаҵареи аарԥшуа ақыҭа Лабра ажәылара аҿы амедиаҳәшьа лаҳасабала адагьы еибашьҩык еиԥш хацәнымырха далахәын.  Лара аконтузиа анлоу ашьҭахь лҭыԥ аанылмыжьит, ажәылара анцоз аамҭазы илулакгьы ахәра зауз аибашьцәа зегьы рҟынӡа днеины раԥхьатәи амедицинатә цхыраара рыҭареи урҭ аибашьрдәы ралгареи лыллыршон.

Марина Аршба далахәын иара убас «Тамшьтәи адесант» аӡхыҵра аан. Аидыслара аҿы ӷәӷәала ихәыз аибашьҩы иԥсы аиқәырхара азы  аиҿахысра ӷәӷәа шыҟазгьы, ларгьы ахәра шлоухьазгьы иара иҟынӡа днаӡаны амедицинатә цхырааа илҭеит. Изныкымкәа Марина лхатә ԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыло ахәрақәа зауз аибашьцәа реиқәырхара лыллыршахьан.  

Марина Аршба ас еиԥш ахьӡ ҳарак ланашьаразы аӡбамҭа рыдыркылеит уи аибашьраан иаалыԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи агәаӷьреи Аԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы еицамкәа амчхареи рзы.


Read 79 times - Амҽыша, 14 Мшаҧы 2024 10:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.