АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Мшаҧы.2024

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иаԥырҵаз аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак аҿы еиуеиԥшым анаукатә хырхарҭақәа рыла жә-комитетк аус аулоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иаԥырҵаз аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак абрифинг мҩаԥысит.

Ахеилак ахантәаҩы Милана Бжьаниа ажурналистцәа Ахеилак аԥҵара азы аидеиа, иамоу ахыкәқәеи ахыдҵақәеи, аҵарауаҩ ҿарацәа еиуеиԥшым жәларбжьаратәи афорумқәа рылахәхара, уҳәа  атәы рзеиҭалҳәеит.  

«2023 шықәса, абҵарамза анҵәамҭазы ҳара ҳҵарауаа, ҳаспирантцәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет арҵаҩцәа «Сириус» имҩаԥысуаз аҵарауаҩ ҿарацәа II Рконгресс рхы аладырхәит.   Аконгресс анхыркәшаха ашьҭахь уи иалахәыз зегьы идикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа», - ҳәа илҳәеит Милана Бжьаниа.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа анапаҵаҟа иҟоу аинститутқәа рыҟны аус зуа аҵарауаа ҿарацәа.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит, аиԥш зеиԥшу аплошьадка  шхымԥадатәиу аҭҵаара знапы алаку аҿарацәа рацәажәаразы.

«Аҳәынҭқарра - ари шәаргьы ҳаргьы еицаҳзеиԥшу ҩнуп, хымԥада ҳҵасқәа ишрыҵанакуа еиԥш еизырҳатәуп. Ҳара еилаҳкаауазароуп, уаҵәтәи амш ашәарҭадаразы ҳара иҳалшои, анҭыҵытәи ҵаргәас иаҳҭахуи. Абри атәы аҭҵаарадырра знапы алакугьы ирҳәароуп», - ҳәа усҟан имҩаԥысыз аиԥылара аҿы иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамзазы имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахадеи аҵарауаа ҿарацәеи – Аԥсны анаукақәа Ракадемиа асистема иаҵанакуа аҭҵаарадырратә Институтқәа зегьы рхаҭарнакцәа инарҭбаау реиԥылара.  

«Ари аиԥылара иалахәыз еицҿакны ас еиԥш плошьадканы аҟалара зылшо Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иаԥҵахо аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак шаку азы агәаанагара рҳәеит. Атәыла Ахада аиԥылара иалахәыз агәра диргеит, аҵаруаа ҿарацәа адгылара шриҭо азы. Анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа Анаукақәа Ракадемиа, Аԥснытәи Агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа иатәу Аексперименталтә паталогиеи атерапиеи рзы Аҭҵаарадырратә Институт, Ақыҭанхамҩа Аинститут, аботаника Аинститут, Аекономикеи азини Ринститут, аекологиа Аинститут, Аҟәатәи Афизика-техникатә Институт, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет рахь аҵарауаҩ ҿарацәа Рхеидкыла аԥҵара азы 40 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҵарауаа ҿарацәа рыдгалара мҩаԥыргарц азы аҳәара ҟарҵеит.  

Аԥсны анаукатә еиҿкаарақәа русзуҩцәа аарышьҭит, анаҩс, хәажәкырамза 29 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа ала Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иаԥҵан аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак», – ҳәа илҳәеит Милана Бжьаниа.

Мшаԥымза 4 рзы  Аԥсны Ахада Иусбарҭаҟны имҩаԥысит Аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак раԥхьатәи аиԥылара. Араҟа ирылаҳәан Аҳәынҭқарра Ахада адгылара зиҭаз аԥшьгарақәак.  

Аҵарауаа ҿарацәа Реидгыла актәи аилатәара иалахәыз аԥсшәа раҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит аҭҵаарадырра амаҵ ахьазыруазы, иҳәеит анапхгара аусбарҭақәеи аҵарауаа ҿарацәеи русеицура қәҿиарала имҩаԥыслоит ҳәа агәра шиго. 

«Ҳара ҳтәыла ари ма ани азҵаара инамаданы алкаа ҟазҵо аспециалистцәа аҭахуп. Абас еиԥш иҟоу ауаа шаҟа ирацәахо аҟара, ҳтәыла анапхгарагьы ирыдыркыло азыӡбақәа иашахоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Атәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа иҳәеит, аҵарауаа рыҭҵаарадырратә усумҭақәа аус рыдуларазы аҳәынҭқарра агранқәа шырзоунажьҭуа. Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит аҭҵаарадырреи аекономикеи русеицура акыр шаҵанакуа.

Атәыла Ахада аиԥылара иалахәыз агәра диргеит, аҵаруаа ҿарацәа адгылара шриҭо азы.

«Ҳара ҳтәылаҿы аус зуа аҵарауаа ҿарацәа рыԥсҭазаара аиӷьтәра алзыршо аидеиақәа, апланқәа маҷымкәа иҳамоуп. Аԥшьгарақәак ртәы ҳара иаҳҳәахьеит актәи аилатәара аҿы, урҭ рынагӡараҿы адгыларагьы шҳауа ҳақәдыргәыӷит», – ҳәа илҳәеит лара.

Уажәы аҵарауаҩ ҿарацәа Рхеилак Аҳәынҭқарра Ахада иҟынтәи аспирантцәа ироуло астипендиа азы Аԥҟара аус адулара мҩаԥнагоит.

Аҵарауаҩ ҿарацәа Рхеилак азиндырҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа азиндырҩцәа рыцырхырааны Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анаука-техникатә усеицура азы анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра аиқәыршәара аганахьала аусура мҩаԥыргоит.

Аҵарауаҩ ҿарацәа агрантқәа рыла адгылара рыҭара иазку апрограмма анагӡара аганахьала аусура мҩаԥысуеит. Ари агрантқәа рыҭара иадҳәалоу апроцесс излауа ала ииашаны, иаартны имҩаԥысуазарц азы, аусура ахь аԥышәа змоу аспециалистцәа радыԥхьалара азԥхьагәаҭоуп.

Иара убас аҵарауаҩ ҿарацәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада иҟынтәи  есышықәсатәи апремиа аԥҵареи аҵарауаа ҿарацәа рыстатус анаука азы Азакәан аҿы ашьақәырӷәӷәареи рзы азҵаара алацәажәара мҩаԥысуеит.  

Аҵарауаа ҿарацәа ацхыраара рыҭара иазку Афонд аԥҵара азԥхьагәаҭоуп.

Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иаԥҵоу аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Линда Амԥар иарбоу Ахеилак аилазаараҿы 35-ҩык аҵарауаа ҿарацәа шыҟоу азы адырра ҟалҵеит.

«Ахеилак аусура аеффективра ашьҭыхреи иахәҭоу анапхгараҭара аиҿкаареи рзы Ахеилак азанааҭтә хырхаҭақәа рыла аихшара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.   Убас ала Ахеилак аҿы иаԥҵахеит 9 комитетк:  азанааҭдырратә, апедагогикатә, афилологиатә, аекономикатә, аҭоурыхҭҵааратә, ақыҭанхамҩатә, абиологиа-географиатә, афизика-математикатә, атехникатә, амедицинатә наукақәа рзы», – ҳәа илҳәеит лара.

Акомитетқәа зегьы анаукатәи анаука-практикатәи аусура аплан амазаауеит. Уи инақәыршәаны актуалра злоу анаука азҵаарақәа рыла астол гьежьқәа, аконференциақәа мҩаԥыслоит.

Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иаԥҵоу аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак амаӡаныҟәгаҩ Роза Саакиан лажәақәа рыла, ашықәс аҩныҵҟа Ахеилак аилатәарақәа ԥшьба рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.    

Роза Саакиан актәи аилатәара аҿы  аҵарауаа ҿарацәа русура еиҳа активла АИХқәа рҟны ирылацәажәаларц, атәыла Ахада исаит аҿы аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак иазку аҟәша ҷыда аԥҵазарц азы аԥшьгамҭа ала ишықәгылаз азгәалҭеит.

«Аҳәынҭқарра Ахада иарбоу аԥшьгамҭа адгылара аиҭеит, уажәы иарбоу асаит аҟәша аусура иалагарц азы атехника-еиҿкааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит. Ҳара афотоматериалқәа зегьы еиқәҳаршәахьеит.  Уажәы Ахеилак алахәылацәа ирызку аинформациатә ҟазшьа змоу атексттә материалқәа аус рыдулара мҩаԥысуеит.  Араҟа икьыԥхьхоит иара убас «Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иаԥҵоу аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак азы Аԥҟара», Ахеилак аилазаара азы аинформациа, имҩаԥысыз аилатәарақәа рыԥкаанҵақәа, Ахеилак аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахо еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа, аиԥыларақәа, уҳәа рзы актуалра злоу аинформациа. Аҵарауаҩ ҿарацәа Рхеилак аусура алагара аамҭак ала аусура иалагеит а-Телеграм-канал. Араҟа иарбахоит Ахеилак алахәылацәа русура иазку еиҳа инарҭбаау аинформациа, аиҿцәажәарақәа рцыԥҵәахақәа, ақәгыларақәа ртезисқәа», - ҳәа илҳәеит лара.

Аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак алахәыла Ефрем Ҳагба Ахеилак ихадоу ахықәкқәеи ахыдҵақәеи дырзааҭгылеит.

Ахеилак аусура ихадоу ахырхарҭақәа рахь иаҵанакуеит анаукатәи анаука-техникатәи аусура анаҩстәи аҿиареи аиӷьтәреи рзы ажәалагалақәа рыҟаҵара;   Аҳәынҭқарра Ахада анаука-техникатә усхкы аҿы иҟоу аҭагылазаашьа азы адырра иҭара; абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа рзы еиуеиԥшым ажәалагалақәа ахәаԥшразы рыдгалара амҩаԥгара:

- аҵарауаа ҿарацәа разыҟаҵара асистема аиӷьтәра;

- Аԥсны анаука-техникатә ҿиара аганахьала хадара злоу аинновациатә проектқәа реиқәыршәара;

- анаукеи аҵарадырреи русхкы аҿы аҳәынҭқарратә политика анагӡара.

Иара убас Ахеилак иаԥхықәроуп:

- ауаажәларра рзы хра злоу  аҿартә наукатә аԥшьгарақәа адгылара рыҭара;

- Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟа анаукатә усура апопулиаризациеи уи аҿар радыԥхьалареи алыршара;

- аҿар рзанааҭдырратә ҩаӡара ашьҭыхра, аҿар рыҭҵаарадырратә аԥшьгарақәа рыҿиара адгылара аҭара.

«Ахеилак егьырҭ анаукатә коллективқәеи хазы игоу аҵарауааи ирҟәҭханы иҟаӡам. Азгәаҭарақәеи ажәалагалақәеи зегьы рахәаԥшреи ҳасаб азуны рхархәареи алыршахоит. Иаагозар, «Аспирантцәа рзы  астипендиатә еиқәыршәара анагӡара азы Аԥҟара» (Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡла астипендиа аҭара) инагӡаны ианеиқәыршәахо ашьҭахь, ҳара уи ауаа ирбаратәы, доусы ргәаанагарақәа рҳәаратәы, азгәаҭарақәеи ажәалагалақәеи ҟарҵаратәы еиԥш алшара аԥҵаразы акьыԥхьра ҳгәы иҭоуп. Убас ала мацароуп, ҳажәеи ҳуси еимаданы ҳара ҳҿаԥхьа ауаажәларра рзы хра злоу ахыдҵақәа рықәыргылареи рынагӡареи шҳалшо», – ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит Ефрем Ҳагба.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа Аԥсны ирацәоуп аҵара бзиа  змоу аҿар ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара даара азыҟаҵара бзиаӡа змоу аҿар маҷымкәа иҳамоуп, уи гәахәара дууп ҳара зегьы ҳзы. Хаҭала сара сзы ари аҟара аинтерес зҵоу, здыррақәа ҳараку, зыԥсҭазаара анаука иадызҳәалаз аҿар ахьҳамоу хра злоу цәырҵраны иҟалеит.  Арҭ ауаа хамеигӡарала анаука гәыкала иазааԥсоит. Анаука зыԥсҭазаара адызҳәалоз ауаа ианакәызаалакгьы рыԥсҭазаара мариамызт, убри аҟнытә урҭ хымԥада ацхыраареи адгылареи рҭахуп, ари аидеиа атәы ҳара иаҳҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада». – ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны анаукақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа иҳәеит: «Аҳәынҭқарра Ахада иҟны аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак аартра азы аидеиа атәы ансаҳа иаразнак адгылара асҭеит. Ари аҩыза аԥшьгара адгылара арҭеит сара сколлегацәагьы, – Академиа Апрезидиум, арҭ аҵарауаа ҿарацәа аус ахьыруо аинститутқәа».    

Уи иара убас Аԥсны анаукақәа Ракадемиа Апрезидиум аҿгьы аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак шаԥҵоу атәы азгәеиҭеит.

Зураб Џьапуа, атәыла аҿы аартра ҿыцқәа рзы гәазыҟаҵарак аҳасаб ала, аҵарауаа ҿарацәа рзы анаукатә фондқәа раԥҵара ахәҭаны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ас еиԥш афонд абзоурала атәыла азы хра злоу анаукатә проектқәа нызыгӡо ҳҵарауаа адгылареи ацхыраареи рыҭара алыршахон», - ҳәа иҳәеит иара.

 

 

 

 

 


Read 46 times - Аԥшьаша, 18 Мшаҧы 2024 11:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.