АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Мшаҧы.2024

Пицунда акриптовалиута арҳара иазкыз 20 аппарат рыла ишьақәгылаз амаининг-ферма рыԥшааит.

Аҟәа. Мшаԥымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амаининг-ферма рыԥшааит Пицунда ақалақь,  ацитрустә  совхоз иахьаҵанакуа Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи Русбарҭеи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

20 цыра аус зуаз амаининг-аппаратқәа рыла ишьақәгылаз акрипто-ферма еиҿкаан ацитрустә совхоз аҳаблан Андруш Вартан-иԥа Кароиан ихатәы ҩны аҟны.

Амаининг азы ахархәагақәа 20 цыра ықәганы Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭахь инагоуп. Кароиан Андруш Вартан-иԥа административтә ҭакԥхықәра иқәҵоуп.

 

 

 

 

 


Read 152 times - Аԥшьаша, 18 Мшаҧы 2024 19:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.