АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Мшаҧы.2024

Апарламенттә Еилакы ауаҩы дызлаҟам ала ихцәажәара азы ахьырхәра зарӷәӷәо азакәан апроект иааиуа асессиа аилатәара ахь ахәаԥшразы анагара иадымгылаӡеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 19, ахәашаҽны имҩаԥысыз аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы инарҭбаау аилатәара аҿы азакәан апроектқәа ԥшьба ирыхәаԥшит:

- «Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы»,

- «Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат истатус азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 273 аиҭакра алагаларазы»,

- «Ареспублика Аԥсны анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рзы»,

- «Ареспублика Аԥсны аминистрцәа Реилазаара (Анапхгара) азы Ареспублика Аԥсны Аконституциатә Закәан аиҭакра алагаларазы.

«Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы» азакәан апроект Ареспублика Аԥсны  Ашьаусмҩаԥгаратә Закәанеидкылеи Ашьаустә Закәанеидкылеи аиҭакрақәа ралагалара азԥхьагәанаҭоит.  

Азакәан апроект иацу аилыркаагатә шәҟәынҵа аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:  

«Азакәан апроект имцырку ахцәажәара, даҽакала иуҳәозар ауаҩы иаҳаҭыр лазырҟәо, џьара акала ишьақәырӷәӷәам адыррақәа рыларҵәара азы ахьырхәра аҳасабала 200 нызықь мааҭ ахшәаарала 3 – 5 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара ақәҵара азԥхьагәанаҭоит.  

Азакәан апроект ала иаартны ақәгыларала, мамзаргьы амассатә информациа ахархәагақәа, ма аинформациа-телекоммуникациатә ҳақәа, асоциалтә ҳа «Интернет» уахь иналаҵаны ахархәарала имцырку ахцәажәара, даҽакала иуҳәозар ауаҩы иаҳаҭыр лазырҟәо, џьара акала ишьақәырӷәӷәам адыррақәа рыларҵәара азы ахьырхәра аҳасабала 200 нызықь мааҭ ахшәаарала 3 – 6 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара ақәҵара азԥхьагәанаҭоит.    

Имцырку ахцәажәара ауаҩы ихьанҭоу ацәгьоура, мамзаргьы ҷыдала ихьанҭоу ацәгьоуразы ахара идҵара ацзар, иарбоу азакәан апроект ала ахьырхәра аҳасабала 200 нызықь мааҭ ахшәаарала 3 – 6 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара ақәҵара азԥхьагәаҭоуп.     

Иарбоу азакәан апроект ала имцырку ахцәажәара азы ашьаустә ҭакԥхықәра аҟынтәи ахақәиҭрагьы азԥхьагәаҭоуп. Убас, ацәгьоура ҟазҵаз ахаҿы зыларҵәара мҩаԥигаз егьи ахаҿы иаҳаҭыр лазырҟәуа адыррақәа  аҿаԥиҽзар, заҳаҭыр ларҟәыз ауаҩы дақәшаҳаҭзар, усҟан уи ашьаустә хьырхәра аҟынтәи дақәиҭыртәуеит».

Иабоу азҵаара акыр аамҭа аҩныҵҟа алацәажәареи абжьыҭира амҩаԥгареи рышьҭахь, Аилак алахәылацәа ауаҩы дызлаҟам ала ихцәажәара азы ахьырхәра зарӷәӷәо азакәан апроект иааиуа асессиа аилатәара ахь ахәаԥшразы анагара иадымгылаӡеит. 

«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат истатус азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 273 аиҭакра алагаларазы», азакәан апроект Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент актәи ааԥхьара адепутатцәа ртәанчахәытә еиқәыршәара азинтә шьаҭақәеи ашәатәқәа рынагӡара аԥҟарақәеи закәанԥҵаратәи ралкаара азы идәықәҵоуп.

Азакәан апроект абҵарамза, 1996 шықәсанӡа  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат изинмчы назыгӡоз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ирызшәахо есымзатәи аԥаратә шәатәқәа азԥхьагәанаҭоит.    Аԥаратә шәатәқәа шьақәыргылахалоит уажәы ззакәанмчы назыгӡо Апарламент адепутат   есымзатәи иныҟәгара иазыԥҵәоу ашәатәқәа рҟынтәи 75 % рыла. Уахь иаҵанакуеит есымзатәи ауалафахәы, аџьшьаратә шәатәқәа, адепутат инапынҵақәа рынагӡара иадҳәаланы ицәырҵуа иназыцҵоу ахарџьқәа рхарҭәаара, убри аан аус зуа адепутат  иныҟәгара иазыԥҵәоу есымзатәи ашәатәқәа  рхышәа-ҵышәа аҽаԥсахызар, усҟан ашәатәы аицҵалыҵ ихадоу аҳасабеилыргара ишьақәыргылахоит.  

Анаҩс иахәаԥшит «Ареспублика анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рзы» азакәан апроект.

Апроект хықәкқәас иамоуп азинтә ҭышәынтәалара аҿы ицәырҵуа агхақәа, ихаҭәаам ахәҭақәа, абжьахақәа, аиқәымшәарақәа (аиҿагыларақәа) раԥыхреи рырҽеиреи, иааизакны Ареспублика Аԥсны зинтә система азакәанқәа ракзаареи аишьашәалареи ралыршара.  

 Иабоу азакәан апроектқәа ианрыхәаԥш ашьҭахь, адепутатцәа Апарламент иааиуа асессиа аилатәара актәи аԥхьараҿы адкылара азы абжьгара аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.  

Анаҩс адепутатцәа иахәаԥшит иагьалацәажәеит «Ареспублика Аԥсны аминистрцәа Реилазаара (Анапхгара) азы Ареспублика Аԥсны Аконституциатә Закәан аиҭакра алагаларазы азакәан апроект. Иарбоу азакәан апроект аиҭакрақәа ралагаразы ихадоу мзыс иамоуп Аконституциатә закәан аҿы аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рсистема  аҿы хадара зуа, урҭ русура аишьаашәалара алзыршо ахеилактә (аколлегиалтә) усура арегламент аҳасабала ихадароу ашәҟәынҵа аиқәыршәареи ашьақәырӷәӷәареи рганахьала Аԥсны аминистрцәа Реилазаара акомпетенциа  шьақәзыргыло абланкеттә норма аҟамзаара ауп. Аилацәажәара ашьҭахь апарламенттә Еилакы алахәылацәа иарбоу азакәан апроект Апарламент асессиа аилатәара аҿы ашьақәырӷәӷәара азы абжьгара аҟаҵара иадымгылаӡеит.

Апарламенттә Еилакы аилатәара рхы аладырхәит Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Апарламент адепутатцәа, Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Баҭал Аиба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Наҭелла Ломиа, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, Ареспублика Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу  Анас Кьышьмариа, Ареспублика Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат ахаҭарнакцәа, апрокуратура Хада аусеилыргаратә ҟәша аиҳабы Ҭамила Бигәааи азиндырҩы Ешсоу Какалиеи.

 

 

 

 


Read 170 times - Амҽыша, 21 Мшаҧы 2024 15:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.