АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Мшаҧы.2024

Аԥсны атәылауаа арратә уалԥшьа анагӡара ахь ааԥынтәи ааԥхьара алагеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 23 рзы иалагеит Аԥсны атәылауаа арратә уалԥшьа анагӡара ахь ааԥынтәи ааԥхьара.

Ишьақәгылаз атрадициа ала, ааԥхьара актәи амш азы арратә комиссариатқәа рхаҭарнакцәа, арра иргои урҭ рҭаацәеи, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҟоу 1992 – 1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара  ацеремониа рхы аладырхәит.

Арратә ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, агәабзиарахьчареи аҵарадырреи Рминистррақәа.  

Атәылахьчара Аминистрра Аԥсны атәылауаа арратә уалԥшьа анагӡара ахь рааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азеиԥш хылаԥшразы аҭакԥхықәра адуп.

 

Аԥсны атәылауаа арратә уалԥшьа анагӡара ахь ааԥынтәи рааԥхьара хыркәшахоит рашәарамза  30, 2024 шықәсазы.


Read 54 times - Ахаша, 24 Мшаҧы 2024 14:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.