АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Мшаҧы.2024

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы апенетенциартә система аҿы аусура азы Ауаажәларратә Хеилак аԥҵара иалацәажәеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Санкт-Петербурги Ленинградтәи аобласти рҿы ахьырхәра ақәыршәара азы Афедералтә Маҵзура Аусбарҭа аҟны иҟоу Ауаажәларратә Хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иан Волков дидикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аиԥылара рхы аладырхәит Санкт-Петербурги Ленинградтәи аобласти рҿы ахьырхәра ақәыршәара азы Афедералтә Маҵзура Аусбарҭа аҟны иҟоу Ауаажәларратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ - Андреи Кушнеревич, Аԥсны иҟоу агәыҳалалратә Фонд «Рука помощи» адиректор Виачеслав Филиппов, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа аиҳабы Даҭо Жьиба.

Аиԥылара аҿы абаандаҩцәа иахьҭаку рҭагылазаашьеи анаҩстәи рсоциалтә адаптациеи, иара убас иҭаку ауаа зықәра маҷу рхәыҷқәа асоциалтә цхыраара рыҭара азҵаарақәа ирылацәажәеит.   

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ауаажәларратә хеилакқәа инарыгӡо ароль аҵак ду амоуп ҳәа иԥхьаӡоит.

Иан Волков  Санкт-Петербурги Ленинградтәи аобласти рҿы ахьырхәра ақәыршәара азы Афедералтә Маҵзура Аусбарҭа аусуратә ԥышәа атәы еиҭеиҳәеит.  

Афонд «Рука помощи» адиректор  аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны апенетенциартә система аҿы аусура азы Ауаажәларратә Хеилак аԥҵара аганахьала иҟаҵаз ажәалагала адгылара ахьеиҭаз азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.

Урыстәылатәи аспециалистцәа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа иаҭааит, рыблала ирбеит ацәгьоуразы игәҩароуи ахара здууи рҭакра аҭагылазаашьақәа зеиԥшроу, ахәҭакахьала, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апенетенциартә система аспецифика инақәыршәаны Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа хазы иазоужьу асектор аҿы иҭаку аҳәса рҭагылазаашьа гәарҭеит. Араҟа  иҭаку аҳәса агәыҳалалратә Фонд «Рука помощи» амчала еиҿкаау аӡахратә ҟазарҭа аҿы аус рулар рылшоит.

 

 

 

 

 

 

 

 

́

 


Read 120 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.