АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Мшаҧы.2024

Жәлар Реизара-Апарламент Актәи ааԥхьара адепутатуцәа уажәы иҟоу адепутат есымзатәи иуалафахәы аҟынтәи 75 % иаҟароу ашәатәқәа роулоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат истатус азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 273 аиҭакра алагаларазы», азакәан апроект рыдыркылеит.

Иарбоу азакәан апроект Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Актәи ааԥхьара адепутатцәа ртәанчахәытә еиқәыршәара азинтә шьаҭақәеи ашәатәқәа рынагӡара аԥҟарақәеи закәанԥҵаратәи ралкаара иазырхоуп.  

Иабоу азакәан апроект Азакәан апроект абҵарамза, 1996 шықәсанӡа  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат изинмчы назыгӡоз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ирызшәахо есымзатәи аԥаратә шәатәқәа азԥхьагәанаҭоит. 

  Аԥаратә шәатәқәа шьақәыргылахалоит уажәы ззакәанмчы назыгӡо Апарламент адепутат   есымзатәи иныҟәгара иазыԥҵәоу ашәатәқәа рҟынтәи 75 % рыла. Уахь иаҵанакуеит есымзатәи ауалафахәы, аџьшьаратә шәатәқәа, адепутат инапынҵақәа рынагӡара иадҳәаланы ицәырҵуа иназыцҵоу ахарџьқәа рхарҭәаара, убри аан аус зуа адепутат  иныҟәгара иазыԥҵәоу есымзатәи ашәатәқәа  рхышәа-ҵышәа аҽаԥсахызар, усҟан ашәатәы аицҵалыҵ ихадоу аҳасабеилыргара ишьақәыргылахоит. 

 


Read 107 times - Аԥшьаша, 25 Мшаҧы 2024 18:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.