АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Мшаҧы.2024

Аԥснынтәи ачысҟаҵаҩы, асасааирҭа-аресторан «Леон» су-шеф Анӡор Кочиев ашоу «Молодые ножи» аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Асасааирҭа-аресторан «Леон» су-шеф, европатәи ачысхкқәа рыҟаҵаҩы Анӡор Кочиев ателеканал «Пиатница» аҿы имҩаԥысуаз ахәыҟаҵаратә шоу «Молодые ножи» афинал ахь днаӡаны аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит.

Аихьӡарахь амҩала

Аԥснытәи ачысҟаҵаҩы, асасааирҭа-аресторан «Леон» европатәи ачысқәа рзы су-шеф Анӡор Кочиев ишеиҭеиҳәаз ала,  ателеканал «Пиатница» ала ицо ачысҟаҵаратә шоу «Битва шефов» ахԥатәи асезон афиналбжа аҟынӡа днаӡеит. Иара апопулиартә проект ахь инеира шыҟалаз, насгьы уадаҩрақәас дзықәшәази урҭ риааира илзыршази ртәы, иара убас иара апопулиартә проект ахь инеира шыҟалаз, насгьы уадаҩрақәас дзықәшәази урҭ риааира илзыршази ртәы еиҭеиҳәеит. Анӡор иажәақәа рыла,  ари ахҭыс аҭоурых алагеит ҭагалан 2023  шықәса рзы. Асасааирҭа-аресторан «Леон» ачысҟаҵаҩ-еиҳабы (шеф-повар) идгаларала Константин Ивлев инапхгарала имҩаԥысраны иҟаз  егьи ашоу «Битва шефов» аиҿкааҩцәа Анӡор иҽимардеит, ааԥхьарагьы ирҭеит. Иара иаразнак дақәшаҳаҭымхаӡеит, иҩызцәа-иуацәа дрызҵааит, маҷк длакҩакит, аха нас иара ихырдырга-видео (видео-визитка) Москваҟа ишьҭит. Мчыбжьык ашьҭахь, аҭыхрақәа анымҩамгахо арыцхә шьықәдыргылеит. Урҭ мҩаԥысит цәыббрамза 15 рзы. Иара аҭыхрақәа ирыдҳәалоу апроцесс ахаҭа акыр аамҭа зҵазкуаз, узырааԥсоз акакәны иҟалеит. Аҭыхрақәа ирылагеит ашьыжь, асааҭ 6 рзы, ихыркәшахеит  уаха асааҭ 12 рзы.

Анӡор иажәақәа рыла, апроект аҿы иара раԥхьа ӷәӷәала игәы хыҭхыҭуан. «Авидео аҿы иубоит раԥхьатәи сықәгылара аҿы ӷәӷәала сгәы шыхыҭхыҭуаз, уимоу, џьара-џьарагьы  маҷк сажәа еилагон, аха нас сҽааидыскылан, ус-ус зегьы сықәманшәалахо иалагеит», - ҳәа игәалаиршәеит ачысҟаҵаҩ.

«Ахәыҟаҵаратә шоу «Битва шефов» ашьҭахь сара ачысхаақәа рыҟаҵараҿы сдыррақәа рыҩаӡара ашьҭыхра сҽазысшәо  салагеит, схы аус адызулон, ашоу «Молодые ножи» ашьҭахь  – италиатәи ачысхкқәа рыҟаҵара аҿы сдырреи сԥышәеи реизырҳара сҽазысшәон. Сеигәырӷьоит аиааира ахьигаз сҩыза Даниил Горбунов. Уи даара дыҷкәына бзиоуп, дыпрофессионалуп», – ҳәа иҳәеит Анӡор Кочиев. 

Ашоу «Молодые ножи»

Ачысҟаҵаратә шоу х-етапкны ишьақәыгылан, урҭ зегьы мышкала иҭыхын, ашьыжь, асааҭ 6 рзы иалагаз, ахәылбыҽха, асааҭ 11 рзы ихыркәшахеит. Апроект атема хада – италиатәи ачысхкқәа рыҟаҵара.

Анӡор игәаанагарала, зегьы реиҳа иуадаҩны иҟаз иара ахаангьы зыӡбахә имаҳацыз ачысхкқәа рыҟаҵара азы адҵа анагӡара. Анӡор Кочиев иажәақәа рыла, уадаҩрақәак цәырҵит «Абаҩлашеи ацәыбрахәи злоу Ризотто» («Ризотто с костным мозгом и шафраном») ҳәа изышьҭоу италиатәи ачысхкы аҟаҵара иадҳәаланы.

«Сара уаанӡа ацәыбрахә ахархәарала ачысқәа зынӡа иҟасымҵаӡацызт, уи аҩыза сақәымшәаӡацызт, цқьа изеилкаауамызт уи аус адулара шаҭаху, еиҳа ишиашоу атәы», –  ҳәа иҳәеит ачысҟаҵаҩы.

Иҟаҵатәны исыдыз аҩбатәи ачысхны иҟан  «Лазаниа», уи ихадоу амарҭхәқәа рыда иҟаҵатәын. Ари аҭагылазаашьа, ус иуҳәар ҟалозар, уамак иманшәаланы иҟамызт. Араҟа сара сыпрофессионалтә интуициа, иара убас сфантазиа сыхәеит. Иамҩатәны аимпровизациа ҟасҵар акәхеит. «Сара «аколхозтә» бутерброд ҟасҵеит, убри аан иссаны ача асақәа сыххит. Аӷраҵа аҟаҵара маҷк садхалеит, аиашазы. Уи акәты аԥылгыды иақәыз акәаци ауҭраҭыхқәеи еилаҵаны ахҷаттә сызбал аҵаҭәаны, ирҭәоу ашә алаҵаны, аххыла ахыԥсаланы иҟасҵеит.  Сара сгәаанагарала даара ихааны иҟалеит, еиласҵаз амарҭхәқәа зегьы еинааланы зеиӷьаҟам агьама роуит», – ҳәа дԥышәырччо еиҭеиҳәеит Анӡор Кочиев.

Афинал

Апроект ахыркәшаратә чысҟаҵаратә еиндаҭлара аҿы аицлабра иалахәыз рхала иалырхыр рылшон иҟарҵо ачыс хкы.  Анӡор иӡбеит «Рататуи» аҟаҵара.

«Ари ачысхкы сара даараӡа бзиа избо кавказтәи ачыс «аџьаԥсандал» сгәаланаршәоит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз Анӡор Кочиев афинал ахь анеирагьы иара изы даараӡа акыр зҵазкуа фактны иҟоуп, уи даара насыԥ дууп иара изы ҳәа иазгәеиҭеит. Аиҳарак агхақәа имаз зыхҟьоз митәык аԥышәа ахьимамызи здырра ҳараку апрофессионалцәа рконкуренциа ҳараки роуп.  

Аперспективақәа

Анӡор Кочиев анаҩсгьы ачысҟаҵара инапы алакзаауеит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи агәра ганы дыҟоуп ԥыҭрак ашьҭахь Аԥсны адунеитә ҩаӡара змоу, аха зхатә традициақәа змоу, зегьы раԥхьаӡа иргыланы инатуралу амарҭхәқәеи  имариоу арецептқәеи рхархәара иадгыло   аспециалистцәа шыҟало.

Ачысҟаҵаратә шоу алахәхара иабзоураны Анӡор Кочиев изанааҭ аҿы даҽа ҩаӡарак ахь анаӡара, иара убас иколлегацәа апрофессионалтә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара  илшеит.

*** Ачысҟаҵаратә шоу «Молодые ножи» — ари еицырдыруа ашеф Константин Ивлев напхгара зиҭо ачысҟаҵаратә миссиа ауп. Иара иқәыԥшу, 16 – 30 шықәса зхыҵуа, аҟыбаҩ злоу ахәыҟаҵаҩцәа алихуеит.  Ахықәкы  - амбициатә ҟазшьа аҵоуп жәаҳәарада – урҭ иҿыцу аеҵәақәа «Мишлен» роура алыршара ауп, уи, ишдыру еиԥш агастрономиатә еихьӡарақәа рҿы иҳараку апрофессионалра ауп иаанаго.

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 194 times - Асабша, 27 Мшаҧы 2024 17:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.