АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Мшаҧы.2024

Лаҵарамзазы иназыцҵоу аԥсшьарамшқәа рылаҳәоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ирационалны аԥсшьарамшқәеи аныҳәамшқәеи  рхархәара хықәкыс иҟаҵаны, атәыла аминистрцәа Реилазаара мшаԥымза 29, 2024 шықәсазы иҭнажьыз Ақәҵара инақәыршәаны, лаҵарамза 10 (ахәаша), лаҵарамза 24 (ахәаша) иназыцҵоу ԥшьарамшқәаны ирылаҳәоуп.

Аныҳәатә ԥсшьарамшқәаны иԥхьаӡоуп:

Лаҵарамза 1 – Аџьа Аныҳәа,

Лаҵарамза 9 – 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш, иара убас

Лаҵарамза 23 – Ацқьа Апостол Симон Канттәи Имш.

Мшаԥныҳәа – Иԥшьоу Амҽыша – 2024 шықәсазы амҽыша, лаҵарамза 5 иахьақәшәо инамаданы, уи иашьҭанеиуа ашәахьа, лаҵарамза 6 ԥсшьарамшны иҟалоит.


Read 184 times - Ашәахьа, 29 Мшаҧы 2024 23:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.