АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Нанҳәа.2022

АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА 2021 ШЫҚӘСА ИНАРКНЫ ԤХЫНГӘЫМЗА 1, 2022 ШЫҚӘСАНӠА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИААРԤШЫН 1987 ЦЫРА РҞЫНӠА АКРИПТОВАЛИУТА АРҲАРА ИАЗКУ АИҚӘЫРШӘАГАҚӘА.

Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада  ҳазҭоу ашықәс актәи азбжазы асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аихшьалақәа рыҟаҵара иазкны аилацәажәара мҩаԥигеит. Аҳҭнықалақь аенергетикатә усхкы аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа далацәажәеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба. Аҳҭнықалақь ауааԥсыра фымцалашарала реиқәыршәара иазкуп аҳҭнықалақь амуниципалтә унитартә Наплакы Аҟәатәи Афымцалашаратә Станциа (СУЭС). Анаплакы аштат аҿы иҟоуп – 110 -ҩык, аҭира аҟәша аҿы аус руеит – 52       - ҩык.

Аҟәа ақалақь аҿы иҟоуп афымцамч амч ақәыӷәӷәара лазырҟәуа астанциақәа хәба (Синоп, Аҟәа- 1, Аҟәа- 2, Баслаҭ, Аекперименталтә паталогиеи атерапиеи рзы аҭҵаарадырратә Институт иатәу астанциа), аихшаратә станциақәа жәба, иара убас 325  атрансформатортә станциақәа.

Хыхь иарбоу алагаларатә станциақәа хәба рҟынтәи ԥшьба рҿы (Синоптәи астанциа уахь иналамҵакәа), иамоу ақәыӷәӷәара ахьымацху инамаданы, атехникатә ҭагылазаашьақәа раиура алыршаӡам.

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿы, 2021 шықәсазы иаԥҵан изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы аоперативтә Штаб.

Ари аштаб аусура иалагӡаны, 2021 шықәса ажьырныҳәамза инаркны 2022 шықәса ԥхынгәымза 1 аҟынӡа имҩаԥгоу аусмҩаԥгатәқәа раан иаарԥшуп акриптовалиута арҳара иазку 1987 маруга.  Х-фазак змоу ацәаҳәа иаҿыхуп 56 ҭыӡҭыԥ. 

Ҳазҭагылоу аамҭазы изакәанымкәа амаининг ахархәара хылаԥшра аҭаразы иаԥҵоу агәыԥқәа афымцакаҭа аидара иахьазҳауа ахырхарҭақәа рыла аусурақәа мҩаԥыргоит, - ҳәа иҳәеит ақалақь ахада Белан Ешба.

 Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» иҟанаҵо адыррақәа рыла,  Аҟәа абонентцәа рхыԥхьаӡара иартәоит  28 550. Аҳасабырба иаҵанакуа аамҭазы абонентцәа ирызшәоуп 126 млн.454 нызқь мааҭ. 2022 ш. фымз ирылагӡаны аизга иартәеит – 47 567 нызқь мааҭ, 1600 – хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа, 300 – аиуристтә хаҿқәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи.

1992 – 1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра ҟалаанӡа Аҟәа ақалақь аҿы 38 нызықь абонент ыҟан.

Ахархәара зауз афымцамч ахәԥса аизгара азы абжьаратә процент  38% аҟынӡа инаӡеит.

Аҟәа ақалақь ахада 2220, 2021, иара убас 2022 шш. афымцамч ахархәара азы аиҿырԥшратә дыррақәа ҟаиҵеит. Убас, 2021 шықәса актәи азыбжазы афымцамч ахархәара 348 277 790 кВт/ч рҟынӡа инаӡон; 2022 шықәса актәи азыбжазы – 341 444 366 кВт/ч; аркьаҿра–  6 833 424 кВт/ч. 

 


Read 369 times - Ахаша, 07 Цәыббра 2022 13:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.