АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Нанҳәа.2022

АԤСНЫ АКУЛЬТУРА АМИНИСТР ДАУР АҚАҨБЕИ ПРИДНЕСТРОВТӘИ МОЛДАВТӘИ АРЕСПУБЛИКА АКУЛЬТУРЕИ АҬОУРЫХТӘ ҬЫНХЕИ РЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ МАҴЗУРА АНАПХГАҨЫ МАРИА КЫРМЫЗИ ZOOM-КОНФЕРЕНЦИА АФОРМАТ АЛА АИԤЫЛАРА МҨАԤЫРГЕИТ. АБХ.

Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Zoom-конференциа аформат ала имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика акультуреи аҭоурыхтә ҭынхеи рзы аҳәынҭқарратә Маҵзура анапхгаҩы Мариа Кырмызи реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура апресс-маҵзура.

Ҳазҭоу аамҭазы арҿиаратә коллективқәа, мамзаргьы аделегациақәа ареспубликақәа рахь рцара иадҳәаланы иҟоу ауадаҩрақәа ҳасаб азуны, аганқәа  аусеицура азы егьырҭ аформақәа рхархәара алыршара иалацәажәеит.

Убас, онлаин аформат ала Аԥсны ахаҭарнакцәеи Приднестровие ахаҭарнакцәеи аконференциақәа, асеминарқәа, уҳәа акультура аусхкы иадҳәаланы ареспубликақәа рҿы еиҿкаахо егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара.  иалацәажәеит. 

Даур Ақаҩба Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭеи Приднестровтәи аҳәынҭқарратә аҟазара аинститути рыбжьара мҽхакы ҭбаала аусеицура абжьаҵара аганахьала азҿлымҳара ааирԥшит. 

Аиҿцәажәара аконструктивтә ҟазшьа аманы аимабзиаратә цәаҩа аҵаны имҩаԥысит.

 

 


Read 373 times - Ахаша, 07 Цәыббра 2022 13:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.