АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Нанҳәа.2022

АԤСНЫ АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АУААЖӘЛАРРАТӘ ЕИҚӘШАҲАҬРЕИ АҬЫШӘЫНТӘАЛАРЕИ РЫШЬАҚӘГЫЛАРАҾЫ АЦХЫРААРА АҬАРА ИАЗХИОУП.

Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәыԥҩык ауаажәларратә усзуҩцәа ауаажәларратә еилазаареи атәыла анапхгареи рыбжьара адиалог абжьаҵара аҿы ацхыраара аҭаразы иҟарҵаз ааԥхьара инамаданы, Аԥсны Ауаажәларратә Палата ахатәы плошьадка аҿы ауаажәларра агәҭынчымра рызцәырызго азҵаарақәа зегьы рылацәажәарала аиқәшаҳаҭреи аҭышәынтәалареи рышьақәгылараҿы ацхыраара аҭара иазхиоуп ҳәа аҳәамҭа аланарҵәеит. 

«Аполитикатә партиақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа зегьы рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит ари адиалог активла рхы аладырхәырц. Ауаажәларратә Палата уаанӡа еиԥш уажәгьы ауаажәларратә еиқәшаҳаҭреи аҭышәынтәалареи рышьақәгылараҿы ацхыраара аҭара иазхиоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьичба иҟалҵаз аҳәамҭа аҟны.

 


Read 375 times - Ахаша, 07 Цәыббра 2022 14:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.