АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Лаҵара.2024

Аслан Бжьаниа Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны анапхгара ахаҭарнакцәа Алада Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аԥсны Раԥхьатәи Ахада ҳаҭырла дыргәаладыршәарц азы арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩцәа,  Владислав Григори-иԥа Арӡынба иуацәеи иҭынхацәеи.

Лаҵарамза 14 рзы диит Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәии аусзуҩ, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада, аҵарауаҩ ду, мрагылараҭҵааҩы  – Владислав Григори-иԥа Арӡынба.

Иахьа уи иԥсы ҭазҭгьы 79 – шықәса ихыҵуан. В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны Аԥсны Раԥхьатәи Ахада иира Амш иазкны афотоцәыргақәҵа аатит.

 


Read 123 times - Аҩаша, 14 Лаҵара 2024 16:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.