Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Лана Ҵәыџьба/. Атәанчаҩратә фонд акатегориақәа зегьы ирыҵанакуа атәанчаҩцәа нанҳәамзазтәи атәанчахәқәеи ацхыраагӡатә шәатәқәеи рызшәара хнаркәшеит. Абри атәы Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәанчаҩратә фонд аҟны.
Нанҳәамза, 2022 шықәсазтәи атәанчахәқәеи ацхыраагӡатә шәатәқәеи рзеиԥш еицҵалыҵ 103 млн 223 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡеит.
Ԥхынгәымзазы атәанчахәқәеи ацхыраагӡатә шәатәқәеи рфинанстәра хыркәшахеит нанҳәамза 4 рзы.
2022 шықәса алагамҭа инаркны цәыббрамза 1 -нӡа атәанчахәқәеи ацхыраагӡатә шәатәқәеи иназыцҵоу ашәатәқәеи ршәара азы иазоужьхеит 825 млн 828 нызықь мааҭ, уи иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 83 млн. мааҭ рыла еиҳауп.
2021 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ишәан 742 млн 280 нызықь мааҭ. Ҳазҭоу ашықәс 8-мзы рыла Атәанчаҩратә фонд абгаԥсатә лагалақәа раҳасабала иалалеит 679 млн 610 нызықь мааҭ, уи 2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 100 млн 126 нызықь мааҭ рыла еиҳауп. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи адотациақәа 140 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Атәанчахәқәеи ацхыраагӡатә шәатәқәеи зауа рхыԥхьаӡара 2022 шықәсазы 49 172 - ҩык рҟынӡа инаӡоит, уи иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 968-ҩык рыла еиҳауп.
Атәанчахәа ахь иназыцҵоу ашәатәқәа зауа рхыԥхьаӡара 11 387-ҩык рҟынӡа инаӡоит, уи 2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 1 577ҩык рыла еиҳауп.
2022 шықәса алагамҭа инаркны цәыббрамза 1 -нӡа атәанчахәқәеи ацхыраагӡатә шәатәқәеи иназыцҵоу ахшәаарақәеи реицҵалыҵ 190 млн 272 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи 2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 65 млн 272 нызықь мааҭ рыла еиҳауп. 2021 шықәса аиԥшзеиԥшу аамҭахәҭа азы ишәан 124 млн 199 нызықь мааҭ.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа иажәақәа рыла, атәанчахәқәеи ацхыраагӡатә шәатәқәеи ршәара аганахьала иҟоу аиҵахара акыр еиҵахеит.
«Ҳазҭоу ашықәс хыркәшахаанӡа ҳара ҳамчқәа рыла иҟоу аиҵахара ахарҭәаара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп. Цәыббрамза 19 инаркны Атәанчаҩратә фонд аибашьра иадҳәалоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа цәыббрамзазы ртәанчахәқәа ршәара иалагоит», - ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.
Иара убас, Атәанчаҩратә фонд ашықәс нҵәаанӡа абгаԥсатә лагалақәа реизҳара иазыԥшуп.