АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Цәыббра.2022

АСЛАН БЖЬАНИА: АԤСНЫ ЖӘЛАР ИРГӘАЛАШӘОИТ, АХӘГЬЫ ҲАРАКНЫ ИРШЬОИТ НХЫҴ КАВКАЗ ҲАИАШЬАРАТӘ РЕСПУБЛИКАҚӘА РХАҬАРНАКЦӘА РФЫРХАҴАРА. ХАТӘГӘАԤХАРАЛАТӘИ АИҾКААРАҚӘА АИААИРА АГАРАҾЫ РЛАГАМҬА АХӘ АШЬАРА УАДАҨУП.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааира амш аламҭалаз Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспублика  хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа дырԥылеит.

Цәыббрамза 9 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспубликахь иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаажәларра, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа дырԥылеит.

«Сара акрааҵуан аара сгәы иҭеижьҭеи, аха аҿкычымазара иахҟьаны апланқәа зегьы рҽырыԥсахыр акәхеит. Иахьа, ара сыҟоуп, зегьы хаҭа-хаҭала шәгәеисыбжьы саҳауеит. Шәзыӡырҩра, шәгәы иҵхо азҵаарақәа рҭак аҟаҵара сазхиоуп», - ҳәа  иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иазгәеиҭеит арахь иаара ҳазҭоу амзазы Аԥсны иазгәарҭо Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш ишадҳәалоу. Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы ҷыдала дахцәажәеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз Аиааира агараҿы рлагала.

«Аԥсны жәлар иргәалашәоит, ахәгьы ҳаракны иршьоит Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә республикақәа рхаҭарнакцәа рфырхаҵара.  Хатәгәԥхаралатәи аиҿкаарақәа Аиааира агараҿы рлагаламҭа ахә ашьара уадаҩуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада.

Аиԥылараҿы Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранеишьеит: Азреҭ Татаршао, 1992-93 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы илшамҭақәа рзы, Аԥсни Ҟарачы-Чеқьесиеи ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы илагаламҭазы «Ахьӡ-Аԥша»  аорден III аҩаӡара; Кавказ ажәларқәа рхореографиатә ҟазара арҿиара, ркультура аларҵәаразы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа ахьӡ лыхҵоуп Алина Тарасунова.

Аиԥылараан ирылацәажәеит аԥсуа, абаза бызшәа аҿиара, акультуратәи аекономикатәи усеицура, атуризм аусхк аҟны аусеицура, аԥсуа-абаза жәлар еицырзеиԥшу аинформациатә портал аԥҵара уҳәа ахырхарҭақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа.

Анаҩс, Аҳәынҭқарра Ахада хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рҭаацәа дырԥылеит. Ара иара убас ирылацәажәеит урҭ зынио ауадаҩрақәа. Ҷыдала иаҳҳәозар, Аԥсны атәылауаҩра аиуреи Аԥсны аԥсшьара аиҿкаареи ирызку азҵаарақәа.

Аҳәынҭқарра Ахада зегьы дырзыӡырҩит, зҵаарақәак рзы аҭыԥаҟны азыӡбақәа идикылеит. Ҷыдала зыхцәажәара аҭаху даҽа зҵаарақәак рзы аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба иақәнагоу адҵақәа ииҭеит.

 


Read 418 times - Ахәаша, 09 Цәыббра 2022 16:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.