АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Цәыббра.2022

АԤСНЫ ИҞОУ АФОНҾЫЦТӘИ АБЕРҬЫԤ ИАҴАНАКУА АХЫБРАҚӘА РЫШЬАҚӘГЫЛАРА АҞАЦАРА АЗЫ АЛКААҚӘА ҞАРҴЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Анаукақәа Ракадемиа Сибратәи аҟәша Анаука-ҭҵааратә центр «Аекологиа» аусзуҩцәеи агеофизикеи анефтегазтә геологиеи Ринститут (Новосибирск)  аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу анџьныртә шьақәгылагақәа (ахыбрақәа) рыҭҵаара мҩаԥыргеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп XIX ашәышықәсазы иргылаз Афонҿыцтәи аберҭыԥ, ҳәа  Урыстәылатәи Анаукақәа Ракадемиа Сибратәи аҟәша аҭыжьымҭа «Наука в Сибири» ахь азхьарԥш ҟаҵо адырра ҟанаҵеит ИНТЕРФАКС. 

Аберҭыԥ гылоуп ашьха ашьапаҿы, уи иакымкәа-иҩбамкәа ахыбрақәа аҵанакуеит. Агеофизикатә усурақәа рымҩаԥгара иалҵшәаны урҭ  инхаз рресурс ашьақәыргылара алыршахеит.  

Акомплекс аҟазаара аҭыԥ адгьылҳәазара ашәарҭара ацуп, уи ахьгылоу адгьыл аҵан иҟоуп иахыкәыршоу аҭарбаратә тоннельқәа – араҟа аӡы амазаара афундамент ҵнаӡәӡәаалар уи аҟацара иаԥырхагахар алшоит.

Аҵарауаа асеисмикатә методи аелектромографиа ҳәа изышьҭоу аметоди рхы иадырхәон.  

Аҵарауаа аныхабаатә комплекс акәша-мыкәша еиԥгалоу апериметр аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргеит, Ацқьа Пантелемон Иныхабаа, акурантқәа зцу асаркьалсырҭа, амонахцәа рынхарҭатә хыбрақәа, адырҩалатә ӡқәа ҩба ҭырҵааит, аргыламҭақәа зегьы рышьақәгылара аҟацара ахәшьара арҭеит.   

Сибратәи  агеофизикцәа ражәақәа рыла, ахархәара зауз атехнологиақәа зегьы еиԥшу алҵшәақәа аадырԥшит ҳәа уҳәар алшоит. Убас Ацқьа Пантелемон Иныхабаа инхаз аресурс 86%, рҟынӡа инаӡоит, егьырҭ ахыбрақәа - 74% еиҳауп. 

Иазгәаҭатәуп, ҳаамҭазтәи аргыларатә нормақәеи аԥҟарақәеи рыла аобиектқәа ишәарҭадоу ахархәара алыршахоит инхаз аресурс 50% еиҵамзар.  

 

 


Read 484 times - Ахәаша, 09 Цәыббра 2022 20:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.