АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Цәыббра.2022

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА УРЫСТӘЫЛА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АҞЫНТӘ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДАЧА “ПИЦУНДА” ИАЗКУ АИҚӘШАҲАҬРА АЗЫ АНОТА АИУИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ААР Урыстәыла ААР аҟынтә аҳәынҭдача «Пицунда» иазку Аиқәшаҳаҭра азы анота аиуит.

Адокумент аҿы иарбоуп:

Урыстәыла иазыԥхьагәанаҭоит Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 4 аҟны иарбоу аобиект, адгьылҭыԥқәа, амшын аӡымҽхакыра Урыстәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны аҳәынҭқарратә хьчара иаҵанакуа ахаҿқәа злахәу аҳәынҭуснагӡатәқәа рымҩаԥгареи рыԥсшьареи мацара рзы ахархәара рыҭазарц.

Ахәҭаҷ 6 инақәыршәаны иарбоу аобиект ахархәара Аԥсны асуверенитет, ашәарҭадара ԥырхага рнаҭом, аполитикатә, арратә, аҭҵаарадырра-техникатә, аекономикатә, аекологиатә интересқәа ԥырхага рнаҭом.


Read 437 times - Аҩаша, 13 Цәыббра 2022 16:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.