АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Цәыббра.2022

ИМҨАԤЫСИТ АХАДЕИ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА – АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘЕИ РЕИԤЫЛАРА.

Аҟәа.  Цәыббрамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахадеи Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәеи реиԥылара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ареспублика адепутаттә корпус ахаҭарнакцәа алархәны аиԥылара мҩаԥигеит.

Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иубарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҳәынҭқарра Ахада Иубарҭа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Аиԥылараҟны иалацәажәеит атәыла ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа, ааигәа имҩаԥысраны иҟоу аилатәараҟны адепутатцәа зхәаԥшраны иҟоу азакәанапроектқәа жәпакы.

Аслан Бжьаниа инаҵшьны иҳәеит ажәлар иалырхыз дарбанзаалак адепутат, далызхаз ауааԥсыра ргәы иҵхо, изыргәамҵуа дазхәыцуазароуп, урҭ ҳасаб рзиуазароуп аԥхьаҟа ирыдыркылараны иҟоу азакәанапроектқәа рыҟны.

 

 


Read 472 times - Ахаша, 14 Цәыббра 2022 22:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.