Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2022 шықәхса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа напхгара зиҭо Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра аделегациа цәыббрамза 21 - 23 рзы ақалақь Санкт-Петербург имҩаԥысуа V GLOBAL FISHERY FORUM SEAFOOD EXPO RUSSIA ахы аланархәуеит.
Жәларбжьаратәи аԥсыӡааглыхратә форуми аԥсыӡтә индустриа, амшынаалыҵи атехнологиақәеи рцәыргақәҵеи – ари урыстәылатәи аԥсыӡтә ааглыхра аҿы ихадоу аконгресстә усмҩаԥгатәуп. Уи рхы аладырхәуеит аԥсыӡтә аахлыхра аусхкқәа зегьы рхаҭарнакцәа. Афорум аплошьадкақәа рҿы ирылацәажәоит еиуеиԥшым азҵаарақәа – амшын аҟны аԥсыӡкреи уи аалыҵ анаҩс ахархәаҩ иҟынӡа анагареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит.
Афорум аҟны аиԥыларақәа ихадоу атемақәа: аԥсыӡкра аекономикатә еффективреи асоциалтә ҭышәынтәалареи.
Афорум алахәхаразы ааԥхьара рыҭан Урыстәыла Ахылаԥшырҭақәеи Аминистррақәеи рхаҭарнакцәа, аҳәаанырцәтәи аделегациақәа, ассоциациақәеи аидгыларақәеи аԥсыӡкратәии амшын аалыҵ аусдулареи знапы алаку аилазаарақәеи рнапхгаҩцәа. Афорум иалахәыз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Урыстәыла, Белоруссиа, Аԥсны, Миианмы, Аргентина, Мавританиа ақыҭанхамҩа аминистрцәа.
Адкылара назыгӡо аган ахьӡала иқәгылеит Петербург агубернатор Алеқсандр Беглови Урыстәылатәи Афедерациа ақыҭанхамҩа аминистр Дмитри Патрушеви.
Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп атәыла ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Артуш Сарибекиани Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара Еилаху Анаплакы «Аԥснымшынааглыхра» адиректор хада Ҭемыр Логәуеи.