Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 22, 2022 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахь Аҟәа ақалақь ала аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҭҵаара аҟәша аиҳабы Мархолиа И.В. иҟынтәи ЏЬАПУА Алмас Севериан-иԥа иганахьала аҩнытә баандаҩтәра алхра азы аҳәара аашьҭын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь аӡбарҭа асаит.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи адепутат Алмас Џьапуа Аԥсны Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207, ахәҭа 1 (амбжьахра, ауаажәларра аҳаҭырдарала рызныҟара аазырԥшны, абџьар, мамзаргьы абџьар аҳасабала рхы иадырхәо амаҭәарқәа рхархәарала ауаажәларратә еиҿкаара ӷәӷәала аилагара), ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1 (амцабџьари уи ахәҭа хадақәеи, аџьаԥҳани иԥжәо амаҭәашьарқәеи арҭҟәацгақәеи изакәанымкәа аахәара, аҭара, аҭира, аҵәахра, аиагара, мамзаргьы аныҟәгара), ахәҭаҷ 164, ахәҭа 1 (атәым мазара гәҭакыла аԥхасҭатәреи ақәгареи, иарбоу ахымҩаԥгашьа акыр азарал аҭара) инарықәыршәаны ацәгьоурақәа рынагӡара аҿы дыгәҩароуп.
Заанаҵтәи аусеилыргарала ишышьақәыргылоу ала, нанҳәамза 10, 2022 шықәса, 21 сааҭи 40 минуҭи инарзынаԥшуа, Алмас Џьапуа Басариа Аслан Гьаргь-иԥа иахь хаҭала имаз ацәымӷзаара иахҟьаны, автомашьына «Lexsus GS» (аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара адырга змамыз, ираӡныԥштәылоу акузов змоу) ала Аслан Басариа дахьынхо аҩны (ақ. Аҟәа, В.Арӡынба ихьӡ зху амҩала игылоу аҩны №5) ахьгылоу днеины, уаҟа игылаз Аслан Басариа иавтомашьына «Lexsus GX 460» (ашәҟәҭагаларатә дырга О001ММ- АВН) 50-нтә деихсит, иара убри ала А.Гь.Басариа ӷәӷәала азарал ииҭеит. Анаҩс уи ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи еилкаам ахырхарҭа ала иҽӡаны дцеит.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Сария Миканба Алмас Џьапуа ихьырхәра аҳасабала аҩнытә баандаҩтәра алхра мап ацәылкит.
Алмас Џьапуа иду ахара азакәантә мчы зауз аӡбарҭа аӡыбарала ишьақәырӷәӷәахаанӡа ахара идӡам ҳәа дыԥхьаӡоуп.