АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2022

ЛАША АШӘБА: ҲАРА АҞӘА АХЫ ИАҚӘИҬЫЗТӘУАЗ ЗЕГЬЫ ҲГӘАЛАШӘОИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иџьынџьуаа Аҟәа ахақәиҭтәра Амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалара аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аҟәаа! Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь – Аҟәа ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра Амш.

Цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы имҩаԥгаз ажәыларатә операциа иабзоураны Аԥснытәи ар Ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь ахы иақәиҭыртәит.  Ҳара  Аҟәа ақалақь зхы иақәиҭызтәуаз зегьы ҳгәалашәоит,  иҭахаз зегьы наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит. Афырхацәа-ахақәиҭтәҩцәа ргәалашәара урҭ рыхьӡ зху ҳаҳҭнықалақь амҩадуқәа,  рыхьӡала ишьақәыргыло абаҟақәеи амемориалтә ӷәқәеи  рҿы иаанхоит.

1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рҿаԥхьа ҳхырхәоит иаҳзааргаз аиааира азы. Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа раан Аҟәа аиҭашьақәыргылара злагала ду алазҵаз ақалақь ауааԥсыра зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит.  Аҟәаа зегьы хра злоу аусуреи агәабзиареи агәалаҟазаара бзиеи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаҳшьоит!»


Read 389 times - Аҩаша, 27 Цәыббра 2022 15:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.