АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2022

АԤСНЫ ЖӘЛАР РЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АИНВАЛИДЦӘА РФОНД АҲӘСА АИБАШЬРА АИНВАЛИДЦӘА РЫЦЫԤХЬАӠА ИРХЫРЫԤХЬАӠАЛОИТ 5 000 МААҬ.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс.   Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз аҳәса аинвалидцәа рыцыԥхьаӡа ртәанчахәқәа инацҵаны ирхыԥхьаӡалахоит хәба-хәба нызықь мааҭ. Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо  адырра ҟаиҵеит 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә биуџьеҭнҭыҵтәи  афонд анапхгаҩы Дмитри Ҭарба.

Дмитри Ҭарба иџьынџьуаа Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амшныҳәа рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьаишьеит зегьы раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, аҭынчра, аизҳазыӷьара.


Read 377 times - Аҩаша, 27 Цәыббра 2022 19:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.