АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Мшаҧы.2025

2025 шықәса I аԥшьбара азы Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҿы 110-ҩык инареиҳаны аҳәааеилагаҩцәа аанкылан.

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.   2025 шықәса I аԥшьбара азы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзуреи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи  Аҳәаахьчаратә Усбарҭақәа русзуҩцәа рыла Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҿы 110-ҩык  инареиҳаны аҳәааеилагаҩцәа аанкылан. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Иаанкылаз атәылауаа  административтә хьырхәра иақәыршәоуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанԥҵара ахәҭаҷ 324 «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахысра» инақәыршәаны ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәоуп ԥшьҩык ауаа.

Иаанкылаз руаӡәы иганахьала иарбоу азакәан ахәҭаҷ ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ашьаус аҟазшьақәа рыла ашьаусеилыргара хацыркуп, егьырҭ ахҩык рганахьала – иарбоу азакәан ахәҭаҷ 2 инақәыршәаны.  

Иԥхьырҟәҟәаан Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа аидарақәа рахыгразы 15 инареиҳаны аҽазышәарақәа.  

Изакәаным аусура аԥшьгареи анагӡареи иадҳәалоу ахаҿқәа рганахьала Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны азинтә хьырхәра ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.


Read 147 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.