Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба Ареспублика Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иҳәоуп:
Ҳаҭыр зқәу Андреи Геннади-иԥа, шәиубилеи инамаданы гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәаларақәа шәыдышәкыл.
Ҳара ахәшьара ҳаракы аҳҭоит Шәара Аԥсны аганахьала иаашәырԥшуа ахшыҩхышьҭреи ҳажәларқәа рыбжьара иҵаулоу аиҩызаратәии аимабзиаратәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара аҿы хаҭала шәлагалеи.
Шәара Ареспублика Башкортосҭан атәылауааи, иааизакны Урыстәыла ажәларқәа рҭаацәара реизҳазыӷьара азы инашәыгӡо шәусурала ахьӡ-аԥшеи шәырҳаит.
Ҳыҭыр зқәу Андреи Геннади-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит зегьы раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, аманшәалара, шәнапы злаку аҳәынҭқарратә ус аҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи.