Амемориалтә ӷәы аартра мҩаԥысит Санкт-Петербург ақалақь ҳаҭыр зқу амеценат Грач Погосиан ицхыраарала.
Цандрыԥшь аҳаблан ииз Николаи Никита-иԥа Литвиненко Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак ианашьахеит ԥсрашьҭахь. Иара Днепр ахақәиҭтәраан иҽаликааит. Жьҭаарамза 30, 1943 шықәса рзы Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет Апризидиум иҭнажьыз Аусԥҟа ала иара анемец-фашисттә мпыҵахалыҩцәа рҿагылараан иааирԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы аҳәынҭқарратә ҳамҭа ианашьахеит.