АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2022

АСЛАН БЖЬАНИА ДОНЕЦКТӘИ ЖӘЛАРТӘ РЕСПУБЛИКА, ЛУГАНСКТӘИ ЖӘЛАРТӘ РЕСПУБЛИКА, ЗАПОРОЖИАТӘИ ХЕРСОНСКТӘИ АОБЛАСТҚӘА РАДМИНИСТРАЦИАҚӘА РХАДАЦӘА ИРЫДИНЫҲӘАЛЕИТ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АИЛАЗААРАХЬ РЫДКЫЛАРАЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА АҴАҨРА.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аслан Бжьаниа Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Денис Пушилин, Лугансктәи Жәлартә Республика Ахада Леонид Пасечник, Запорожиатәи аобласт Администрациа Ахада Евгени Балицки, Херсонсктәи аобласт Администрациа Ахада Владимир Сальдо ирыдиныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа аилазаарахь рыдкыларазы аиқәшаҳаҭра аҵаҩра. 

Иахьа, Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аназгәаҳҭо, ҳадгьыл аҟны аҭоурыхтә иашара аиҭашьақәыргыла амш аҽны, гәахәара дула иҳадаҳкылеит Москва иҟалаз ахҭыс – Донецктәи, Лугансктәи Жәлартә Республикақәа, Запорожиатәи, Херсонсктәи аобластқәа Урыстәылатәи Афедерациа аилазаарахь рыдкыларазы аиқәшаҳаҭра аҵаҩра ахҭыс. 

Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Иахьа ҳара шаҳаҭра азаҳуеит шәыдгьыл аҟны аҭоурыхтә иашара ашьақәырӷәӷәара. Шәгәырӷьара шәыцеиҩаҳшоит. Еиуеиԥшым апровокациақәа, аԥсҭазааразы ишәарҭаз аҭагылазаашьақәа шыҟазгьы, Урыстәыла ацынхаразы зегьы ишәымаз агәаҳәара шәеицҿакны ареферендумқәа рыҟны иаашәырԥшит.

ДЖӘР-еи ЛЖӘР-еи, Запорожиатәи, Херсонсктәи аобластқәа ирықәынхо ауааԥсыра доуҳала ракра ԥгара ақәӡам.

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ари амш!

Иҟазааит аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара!

 


Read 581 times - Асабша, 01 Жьҭаара 2022 13:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.