АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2022

АСЛАН БЖЬАНИА АԤСНЫ АКТӘИ АХАДА ВЛАДИСЛАВ АРӠЫНБА ИМЕМОРИАЛ АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬЕИҴЕИТ.

Аҟәа.  Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 - Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи ирымшныҳәоуп.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, аибашьра аветеранцәа, Аԥсны ауааԥсыра Аладатәи Ешыра иҟоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.  


Read 456 times - Асабша, 01 Жьҭаара 2022 18:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.