Аветеранцәа раамышьҭахь шьаҿеиқәшәала аплошьад иқәсит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи иааз 20-20 спортсмен рыла ишьақәгылаз 25 колонна.
Апарад идикилон Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба. Иара «Аспорт афестиваль» алахәылацәа зегьы дрыдныҳәалеит ақәҿиара дуқәагьы рзеиӷьаишьеит.
Аҳәынҭқарра Ахада жәларбжьаратәи арена аҿы Аԥсны ахьӡала иқәгыло 30-ҩык аспортсменцәа адгылара рыҭара азы Аусԥҟа инапы шаҵаиҩыз азы адырра ҟаиҵеит.
Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, атәыла Анапхгара алахәылацәа зхыԥхьаӡараҿы иҟаз афестиваль алахәылацәеи аҭааҩцәеи рзы асамбо, адӡиудо, карате, тхеквондо, абокс, таитәи абокс, аҳәеилышьра, асахьаркыратә гимнастика, иара убас аспорт ахәмарратә хкқәа: ашьапылампыл, амҵәышәмпыл, анапылампыл, аԥкьаҭмпыл, астолтә ԥкьаҭмпыл, иара убас амилаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» ала ақәгыларақәа мҩаԥган. Аплошьад аҿы хазы-хазы иалкаан атлетика ласи алтетика хьанҭеи, зхы иақәиҭу аиқәԥара, иара убас аишәатә хәмаррақәа – ашахматқәа, ашашкақәеи адоминои рзы азонақәа. Бадра Гәынбеи Беслан Бигәааи ахыци ахәымпали рыла ихысит, ашашкақәеи астолтә ԥкьаҭмпыл ала ихәмарит, ашьапылампылтә амбақәа ампылқәа ҭадыршәит.
Софииа Буиуклиан 15 шықәса лхыҵуеит, урҭ рахьынтә хәы-шықәса лара анапылампыл лҽазыҟалҵоит. «Анапылампыл ҳара ҳтәылаҿы аҿиара бзиа амоуп. Ҳара лассы-лассы атәыла аҩныҵҟа еиԥш уи анҭыҵгьы – Шәачеи Москвеи ақалақьқәа рҿы имҩаԥысуа атурнирқәа рахь ҳцоит. Сара гәахәара дула иахьатәи аспорт аныҳәа схы аласырхәуеит. Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ахәыҷқәеи аҿари аспорт ахь радыԥхьалара акыр иацхраауеит», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо илҳәеит лара.