АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2022

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РНЫҲӘАМШ АЗГӘАҬАРА ИАЗКНЫ ИМҨАԤГАН АМАЛАНЫҞӘАТӘ ЕИԤХНЫҨЛАРА.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәаҭара иазкын Аҟәа ақалақь, Леон Имҩаду аҟынтәи иалагаз амаланыҟәатә еиԥхныҩлара.  

Амаланыҟәарныҟәцаҩцәа рымҩа хан Аҟәа ақалақь Ахадара ахыбра ахьгылоу аҟынтәи Аладатәи Ешыра иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҟынӡа.  

Акциа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 29-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкуп.

«Ҳара имҩаԥааго акциа рхы аладырхәуеит 50-ҩык инарзынаԥшуа ауаа. Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа – Аԥсны амаланыҟәцаҩцәа реилазаареи Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҟәа ақалақь Ахадара аусбарҭеи роуп. Ҳара ас еиԥш амаланыҟәатә еиԥхныҩларақәа уажәаԥхьагьы изныкымкәа имҩаԥаагахьеит. Ҳаԥхьаӡагьы ҳара ари есышықәсатәи атрадициа анагӡара ҳгәы иҭоуп.

Алада Ешыра ақыҭан иҟоу В. Г. Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ашьҭахь, ҳара С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад ахь ҳхынҳәуеит. Араҟа акциа зхы алазырхәыз зегьы агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранашьахоит», -  ҳәа еиҭеиҳәеит амаланыҟәатә еиԥхныҩлара аиҿкааҩцәа ируаӡәку Леван Габелиа.

 

 


Read 543 times - Асабша, 01 Жьҭаара 2022 19:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.