Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Акциа «Ԥсра зқәым аполк» Аҟәа ақалақь аҿы лаҵарамза 9 рзы имҩаԥгахоит.
Аныҳәатә аиасра алахәылацәа аҽеидкылара иалагоит Ахақәиҭра Ашҭаҿы асааҭ 10:30 рзы ԥыхьатәи аминистрцәа Рхеилак ахыбра азааигәара.
«Ԥсра зқәым аполк» аколонна абри амаршрут ала имҩаԥысуеит: Ахақәиҭра Ашҭа инаркны Гәлиа имҩаду ала Леон ипроспект аҟынӡа; Леон ипроспект инаркны Амҳаџьырра Рыԥшаҳәа аҟынӡа; Амҳаџьыраа рымшаҳәеи адиоскураа Рыԥшаҳәеи инаваршәны Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҟынӡа.
Акциа аиҿкаара рхахьы иргеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Аофициалтә Хаҭарнакреи В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Аҟәа ақалақь Ахадара, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет.