АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 12:30

Аԥсни Урыстәылеи аҵара аминистрцәа аусеицура аперспективақәа ирылацәажәеит. Министры просвещения Абхазии и России обсудили перспективы сотрудничества.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аонлаин-режим ала имҩаԥысыз аиԥылара аҿы  аусеицура аперспективақәа ирылацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи аҵара аминистрцәа Хана Гәынбеи Сергеи Кравцови, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵара Аминистрра а-Телеграмм-канал.  

Урыстәылатәи лколлега Хана Гәынба Аԥсны аҵара аминистрс лыҟаҵара лыдиныҳәалеит, уи лнапхгарала ареспублика аҵарадырратә усхкы қәҿиарала аҿиара шаиуо азы агәра ганы дшыҟоу иҳәеит.

 Аминистрцәа аҵара аҩаӡара ашьҭыхреи Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа рыбжьара аимадара арӷәӷәареи иазырхоу аҩганктәи апроектқәа реицынагӡара ишазҿлымҳау азгәарҭеит.  Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аҵарадырратә программақәа реиқәыршәареи ҳаамҭа иақәшәо аҵарадырратә технологиақәа рыларҵәареи рганахьала аԥышәеимадара азҵаарақәа.

Аиԥылараҿы иара убас арҵаҩратә кадрқәеи аҟыбаҩ злоу аҿари адгылара рыҭара иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа реицынагӡара аиҿкаара азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аминистрцәа анаҩстәи хра злоу аусеицуреи аҩ-тәылак рҵарадырра аусхкқәа рҿы аихьӡрақәа рыҟалареи шзалыршахо азы агәрагара аадырԥшит.  


Read 52 times - Аԥшьаша, 15 Лаҵара 2025 04:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.