АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:31

Аӡахәааӡара ҳаамҭазтәи азнеишьақәа: аԥснытәи аспециалистцәа аԥышәа ҿыцқәа ҭырҵаауеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡхәааӡара азы аҵаратә тренингқәа мҩаԥысит лаҵарамза 13 – 14 рзы Аҟәа ақалақь аҿы.  Уи рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа рҟынтәи 40-ҩык инарзынаԥшуа аҩыҟаҵаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи, ҳәа адырра ҟанаҵоит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатәи-жәтәи ақыҭанхамҩатәи еиҿкаара (ФАО) Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу апроекттә офис.  

Апрограмма иалагалан атеориатә лекциақәа реиԥш, аӡахәаҭрақәа рҿы апрактикатә ҽазыҟаҵарақәеи. Аҽазыҟаҵарақәа раан аӡахәаҭрақәа авегетациа анымҩаԥысуа аамҭазы ахылаԥшра рыҭара, рааӡара иадҳәалоу ихадоу аспектқәа инарҭбааны иахәаԥшит. Алахәылацәа ахҿарах аилыхра иадҳәалоу ҳаамҭа иақәшәо аметодикақәа дырбан.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭара аҭан асезонтәии ашықәстәи агротехникатә усмҩаԥгатәқәа — ааԥынтәи аилыхра аҟынтәи аӡынтәи аамҭахәҭа аҽазыҟаҵара аҟынӡа разԥхьагәаҭара. Иара убас ирылацәажәеит еиуеиԥшым ашпалертә системақәа, урҭ ԥыжәарас ирымоу, насгьы аҭыԥантәи аклиматтә ҭагылазаашьақәа рахь адаптациеи ажь асортқәеи.

Аҵаратә лекциақәеи апрактикатә усмҩаԥгатәқәеи напхгара аиҭон жәларбжьаратәи аексперт Емилио Пеиро —Европа аӡахәааӡаратә регионқәа рҿы аԥышәа ду змоу агроном, зусура ахырхарҭа хада аӡахәааӡареи аҩытә культура аҿиареи иадҳәалоу аплатформа Origen ашьаҭаркҩы.

«Ҳара хықәкы хаданы иҳамоуп— адыррақәа рыҭара адагьы, аӡахәааӡара аҿиара азы иҭышәынтәалоу азнеишьақәа рышьақәырӷәӷәара. Ас еиԥш иҟоу атренингқәа аспециалистцәа рзанааҭтә квалификациа ашьҭыхра иацхраауеит, иахәҭоу адгылара аиуреи аԥышәеимадареи рзы алшара аԥнаҵоит. Ҳара Аԥсны аӡахәааӡара аусхкы аҿы апотенциал ду шыҟоу аабоит, аринахысгьы аҭыԥантәи аспециалистцәа ҳара ҳпартниорцәа аус рыцураҿы адгылара рыҭара ҳазхиоуп», — ҳәа илҳәеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатәи-жәтәи ақыҭанхамҩатәи еиҿкаара (ФАО) Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу апроекттә офис анапхгаҩы Алеқсандра Смычкович. 

Атренингқәа апроект Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатәи-жәтәи ақыҭанхамҩатәи еиҿкаара (ФАО) Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу апроекттә офиси Аԥсны аӡахәааӡаҩцәеи аҩыҟаҵаҩцәеи Рассоциациеи рыла Аҿиареи адгылареи рзы Швеицариатәи Агентра (SDC) афинанстә цхыраарала  еиқәыршәоу апроект «Аԥсны иҭышәынтәалоу аӡахәааӡара аҿиареи аҭыԥантәи асортқәа рыхьчареи» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан.                    


Read 68 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.