АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:27

Бадра Гәынба аветеранцәа рыбжьара ашьапылампыл азы XV Жәларбжьаратәи атурнир даҭааит.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Ихраҿа агаразы автеранцәа рыбжьара ашьапылампыл азы XV Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысуеит лаҵарамза 13 – 19 рзы Алаҳаӡы ақыҭан.

Иахьа атурнир даҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.

Атурнир рхы аладырхәуеит  Узбекьысҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла, «Чалтырь» (ақ. Ростов-на-Дону), «Сулин» (Ростовтәи аобласт) акомандақәа, Шәачеи Адлери еиду акоманда, иара убас Аԥсны ахьӡала х-командак.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба атурнир асасцәеи алахәылацәеи аветеранцәа рыбжьара ашьапылампыл азы XV Жәларбжьаратәи атурнир аофициалла аартра рыдиныҳәалеит.

Аҳәынҭқарра Ахада еизаз иргәалаиршәеит атурнир амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥыза ду, атәыла Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара ахьӡала ишымҩаԥысуа.

«Арҭ амшқәа рзы ҳара иазгәаҳҭоит ҳара уажәтәи ҳаԥсҭазаареи уаҵәтәи ҳԥеиԥши рзы зыԥсҭазаареи згәабзиареи иамеигӡаз ауаҩы диижьҭеит 80-шықәса аҵра. Сара агәра ганы сыҟоуп иара ихьӡ наунагӡа ҳажәлар аҭоурых аҿы ишаанхо», – ҳәа иҳәеит иара.

Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит арҭ амшқәа рзы Аԥсны ишазгәарҭо иара убас зықьҩыла Аԥсны аҵеицәа злахәыз,  17 нызықьҩык ахьҭахаз Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра.

«Ҳара ҳаҭырла урҭ ҳгәалаҳаршәоит. Сара агәра ганы сыҟоуп анаҩстәи зуснагӡатәқәа анхареи аҿиареи рзы алшара ҳазҭаз ауаа ргәалашәара анаунагӡара ишазырхахо», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Лаҵарамза 17 рзы имҩаԥгахоит атурнир афиналбжа, лаҵарамза18 рзы – афинал.

Атурнир аиҿкаара рхахьы иргеит -  асоветтәи, урыстәылатәи ашьапылампыласҩы, азыҟаҵаҩ Каро Бостанџьиани жәларбжьаратәи атурнир аиҿкааратә кормитет ахантәаҩы Лаура Шаровеи.   


Read 23 times - Аԥшьаша, 15 Лаҵара 2025 21:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.