АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Лаҵара.2025

Иаарту адәы аҿы афестиваль «Лӡаа Fest» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт мҩаԥысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  «Амузыкатә експедициа» – афестиваль «Лӡаа  Fest» аҳәаақәа ирҭагӡаны Лӡаа ақыҭан амзара агәаҿы имҩаԥысуа аконцертқәа рсериа ауп.

Иахьа араҟа, адәаҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт.

Ареликтә бнара иуникалу аԥсабаратә акустика аҿы  ахәаԥшцәеи азыӡырҩцәеи ахортә шәаҳәара аԥшӡареи алшареи аҟынтәи агәахәара ду роуит.   Ари иаарту ажәҩан аҵаҟа имҩаԥысуаз аконцерт аԥсабара агармониа ауаҩытәыҩса ибжьы абеиара ишацааиуа, убри аан аиашазы иухамышҭуа ацәаныррақәа шузцәырнаго арҵабыргит.

Иара убас, амузыкатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, афестиваль асасцәа акыр иаргәырӷьеит Лӡаатәи жәлар рмузыкатә инструментқәа рансамбль «Аԥхьарца» акы иаламҩашьо анагӡашьа. Аԥсаҵла дуқәа рышәшьыраҿы иарҳәан адгьыли аҭоурыхи рдоуҳамч ала игәылҭәааз ажәытә аԥсуа мелодиақәа.

Ақыҭа Лӡаа аҟынтәи ансамбль «Аԥхьарца» 25 шықәса ахыҵуеит. Ари аамҭа иалагӡаны уи аҟыбаҩ злоу амузыканцәа рабиԥара аиҵааӡара адагьы, еиуеиԥшым аплошьадкақәа рҿы  қәҿиарала иқәгылахьеит.


Read 244 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.