Ԥхынҷкәынмза 21, 2024 шықәса рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим аилатәараҿы еицҿакны Адгәыр Ҳаразиа идепутаттә кьымсра ихырхит. Абжьыҭара иалахәын 28-ҩык адепутатцәа.
Ҭемыр Шьониа хантәаҩра ззиуаз Лиа Адлеибеи Генри Гамсаниеи злахәыз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рколлегиа иарку аӡбаратә еилатәара аҿы Ареспублика Аԥсны апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа Ареспублика Аԥсны ашьаусеиҿкаартә закәанԥҵара инақәыршәаны, адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҟаиҵаз иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит ҳәа алкаа аиуразы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инаишьҭыз ажәалагала иахәаԥшит. Аӡбарҭа Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҟаиҵаз иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит ҳәа алкаа ҟанаҵеит. Ԥхынҷкәынмза 21, 2024 шықәса рзы апрокуратура Хада Ареспублика Аԥсны ашьаусеиҿкааратә закәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа хҩык аӡбаҩцәа рыла ишьақәгылоу аколлегиа адепутат иумҭа ацәгьоурақәа ирыҵанакуеит ҳәа иҟанаҵаз алкаа инақәыршәаны, Жәлар Реизара азыразра аманы Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Адгәыр Ҳаразиа иганахьала ашьаус ахацыркра азы аӡбамҭа аднакылоит.
Хәажәкырамза, 2025 шықәса рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рколлегиа убасҵәҟьа адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҟаиҵаз иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит ҳәа алкаа ҟанаҵеит.