АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Лаҵара.2025

Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа аҭакԥхықәра ақәыршәара иадҳәалоу азҵаарақәа рзы “аимадаразы еиԥырҟьам ацәаҳәа” аԥҵоуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахьа, лаҵарамза 26 рзы асоциалтә шәатәқәа раиуразы Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа аҭакԥхықәра иақәыршәаз атәылауаа азинтә цхыраара рыҭара иадҳәаланы аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит.

Аилатәара аҿы акомиссиа аусура ихадоу ахырхарҭақәа алкаахеит:

– атәылауаа адгылара рыҭаразы аиҿкаара-зинтә уснагӡатәқәа рынагӡара азы ажәалагалақәа реиқәыршәара;

– Урыстәылатәи Афедерациа акомпетенттә усбарҭақәа рымадареи аус рыцуреи аиҿкаара;

– Асоциалтә еиқәыршәара аусхкы аҿы азакәанԥҵара аилагара азы Урыстәыла иахьаҵанакуа аҭакԥхықәра иақәыршәаз Аԥсны атәылауаа рзы адыррақәа реизгареи рсистематизациеи аиҿкаара.

Анапхгарабжьаратәи аусуратә гәыԥ раԥхьатәи аӡбамҭақәа иреиуахеит “аимадаразы еиԥырҟьам ацәаҳәа” аԥҵаразы аӡбамҭа. Уи ала иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа зауз атәылауаа ацхырааразы иадҵааларц рылшоит. Уи ала Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа аҭакԥхықәра ақәыршәара иадҳәалоу азҵаарақәа рыла аконсультациеи азинтә цхыраареи раиура алыршахоит. 

 

 

 


Read 389 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.