Роберт Кьиут иара убас Гагра аихамҩатә станциа амилициа ацәаҳәатә ҟәша аусура гәеиҭеит. Иара есышықәса ареспублика ахь иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара шацло, аихамҩатә инфраструктура аҿиара ишаҿу, убри аҟнытә атранспорттә милициа ахатәы еилазаара ахь ахыдҵақәагьы еиҳа ишрыцло азгәеиҭеит.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рмиинистрра ахада иара убас ауаажәларратә зинеиҿкаара ашьақәыргылареи Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» иахьаҵанакуа амашьынақәа рыргылара аԥҟарақәа рынагӡашьеи гәеиҭеит.
Аминистр аҳәаа иаԥну аҵакыра аҿы азакәанреи азинеиҿкаареи рышьақәыргылара – ари иаауа асасцәа зегьы рзы акыр зҵазкуа рбагоуп, изеиԥшразаалак асубиективтә ҭагылазаашьақәа ишьақәыргылоу аԥҟарақәа реилагаразы иҵаҵӷәны иҟамлароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟәшеиҵақәа апрофилактикатәи ареидтәи аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иацырҵоит, амашьынарныҟәцаҩцәа апассаџьырцәа рныҟәгаразы рзиншәҟәқәа гәарҭалоит, ижәны амашьына аԥсҟы акра ԥхьдырҟәҟәаалоит, иара убас амашьынақәа рыргылареи хазхаҭалати атаксиқәа реиԥш ауаажәларратә транспорти рыргылареи аԥҟарақәа рынагӡара ахылаԥшра арҭалоит», – ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.