АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Лаҵара.2025

Ихыркәшахеит Аҟәа ақалақь, Аиааира апроспект ала игылоу аҩны №170 ашҭа аиқәыршәазаара иазкыз аусурақәа.

Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Владимир Делба инапынҵала Аҟәа ақалақь, Аиааира апроспект ала игылоу аҩны №170 ашҭа аиқәыршәазаара иазкыз аусурақәа мҩаԥган. Ари аҩны аҿы инхо ауаа рышҭа аиқәыршәазаара иазкыз аусурақәа рымҩаԥгара 30 шықәса иреиҳаны иазыԥшын. Иқәсхьоу акоммуникациақәа, иажәхьоу аканализациатә система иахҟьаны ес-қәоураан араҟа инхо ауаа акыр изыргәамҵуаз аҭагылазаашьақәа ҟалон. Уажәшьҭа ари апроблема ӡбахеит. 

«Аусурақәа инагӡаны имҩаԥгоуп. Аҩны иаԥну аҵакыра зегьы ариаҵәара мҩаԥгоуп, имаҷу архитектуратә формақәа шьақәыргылоуп, аканализациа асистема ԥсахуп, аҵеџь ҿыцқәа ҭаргылоуп, аӡҩаршьҭрақәа алдоуп, аӡымҩахгагатә система рҿыцуп. Зеиқәыршәазаара мҩаԥгаз аҵакыра азеиԥш мҽхак 750 ԥшьыркцатә метр рҟынӡа инаӡоит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамисониа.

Валентина Шуваева даагылазар  аҩны №170 аҿы  дынхоит.

«Ҳара даара ирацәаны ашәҟәқәа ҳаҩхьан, ҳаҩны акәша-мыкәша иҟоу аҵакыра аҭеиҭыԥш арҽеираҿы ацхыраара ҳаҳәон. Абар, ҳгәахәтәы ҟалеит», - ҳәа илҳәеит лара.

Ари аҩны аҿы инхо ауааԥсыра гәахәарыла иазгәарҭеит атәыла аԥыза-министр Владимир Делба иҟынтәи ироуз ацхыраареи аргыларатә бригада ҳәоуеиқәшәарыла, ааԥсарак ҟамҵа инарыгӡоз аусуреи. 

Аҩны аҿы инхо ауаа атәыла Анапхгара ахада ихьӡала аџьшьаратә шәҟәы рыҩит.

 


Read 137 times - Амҽыша, 01 Рашәара 2025 19:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.