АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 22:42

Лаҵарамза 1 азы ахныҟәгаратә минимум 16 нызқь 515 мааҭ рҟынӡа инаӡон.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 1, 2025 шықәсазы Аԥсны аусура зылшо аӡәы ихныҟәгаразы ахарџьқәа 16 515,6 мааҭ рҟынӡа инаӡеит, – ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны астандарт азы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

 

Ахныҟәгаратә минимум ахь иаҵанакуеит:

– афатә-ажәтә атауарқәа – 8 257,8 мааҭ;

– абзазара-ааглыхратә уҳәа егьырҭ атауарқәа – 4128,9 мааҭ, зыхә ршәо амаҵзурақәа, ашәахтәқәа, егьырҭ ихымԥадатәиу ашәатәқәа – 4128,9 мааҭ.

Ауааԥсыра рзы атауарқәеи зыхә ршәо амаҵзурақәеи рхархәаратә хәыԥсақәеи атарифқәеи еизаку аиндекс 2025 шықәса инаркны  1,8% рыла иазҳаит.

Афатә-ажәтә атауарқәа – 2,9% рыла иазҳаит, абзазара-ааглыхратә уҳәа егьырҭ атауарқәа – 0,7% рыла, ауааԥсыра рзы зыхә ршәо амаҵзурақәа – 1,6% рыла.

2025-тәи ашықәс азы ахныҟәгаратә минимум аҩаӡара иҳаҩсыз ашықәс азы аиԥш-зеиԥшу аамҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 2,1% рыла иазҳаит.

Атауарқәеи ауааԥсыра рзы зыхә ршәо амаҵзурақәеи рхархәаратә хәыԥсақәа риндекс мшаԥымза, 2025 шықәса рзы иҳаҩсыз 2024-тәи ашықәс, мшаԥымза иаҿырԥшны уахәаԥшуазар   9% рыла иазҳаит, убри аан афатә-ажәтә атауарқәа рзы –  12,5% рыла, абзазара-ааглыхратә уҳәа егьырҭ атауарқәа рзы – 8,6%, ауааԥсыра рзы зыхә ршәо амаҵзурақәа рзы – 7,1% рыла.


Read 143 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.