Бадра Гәынба идикылеит иара убас асахьаҭыхҩцәа гәыԥҩык. Урҭ аҳәынҭқарра Ахада изеиҭарҳәеит А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҭагылазаашьа атәы, ирҳәеит уи арҭбаара шаҭаху. Гәынба Бадра асахьаҭыхҩцәа ажәа риҭеит иахьаҵәҟьа аҵараиурҭа дшаҭаауа, аҭыԥаҟны иҟоу аҭагылазаашьа шҭиҵаауа.
Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩы Гьаргь Колбаиа аҳәынҭқарра Ахада дидҵааало, Аԥсны ақырҭуа агрессиа аҿагылараҟны Адыгеиа Ареспублика, Ҟабарда-Балҟариа, Ҟарачы-Черқьесиа иҟарҵаз адгылара инарҵауланы аарԥшразы аԥшаара-ҭыжьырҭатә проект анагӡаразы ацхыраара даҳәеит. Гәынба Бадра аҵак ду змоу ари апроект адгылара шаиҭо атәы иҳәеит.
Аԥсны Ахада аамҭа-аамҭала атәылауаа идикылалоит рхатәы зҵаарақәа рзы.
Атәылауаа рҭаҩра мҩаԥгалахоит аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу ауаажәларратә дкыларҭа ала.