«Ақалақьргыларапроект» аусзуҩцәа ахәыҷбаҳча аҵакыра ажәырҭра аҟынтәи идрыцқьоит, аргылаҩцәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагарц азы.
Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл лажәақәа рыла, ари ахәыҷбаҳча абжьааԥны иуԥыло ахәыҷбаҳчақәа иреиԥшӡамызм, араҟа ҩ-гәыԥк заҵәык ракәын иҟаз.
«Ақалақьргыларапроект» адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа, иахьазы ахыбра аҵаргәатә ҭыӡқәа рҭагылазаашьа аилкааразы анџьныр-геологиатә ҭҵаарақәа мҩаԥгоуп ҳәа иазгәеиҭеит, уи 2013 шықәсазы ахәыҷбаҳчаҿы агәыԥқәа реизырҳаразы ахыбра аҿаԥшьы злацәырҵыз ала аҵәаӷәанҵа ааирԥшит.
Ахәыҷбаҳча «Солнышко» - ари аҭоурыхтә хыброуп. Ари ахыбра аҭауад А. С. Инал-иԥа иҩны акәын, уи 1892 шықәсазы иргылан. Асовет аамҭазы араҟа инхон еицырдыруа аҳәынҭқарратә усзуҩцәа Ефрем Ешба, Николаи Акьыртааи Архип Лабахәуеи.
Ари аҩны аҵакыраҿы игылоуп ХХ ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы иҟаҵаз апарктә скульптурақәа. Урҭ зегьы, иара убас араҟа игылоу Аҟәа ақалақь аҿы иаанханы иҟоу Ленин ибаҟа заҵәыкгьы еиқәырхахоит.