Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ацирктә шоу «Агәымшәақәа реҵәаџьаа» («Созвездие смелых») агастрольқәа рашәарамза 14 инаркны цәыббрамза 14 аҟынӡа Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит.
Апрограмма аҿы иҟоуп ашәа зҳәо абжьасқәеи амшәқәеи уахь иналаҵаны, ибжьоу аԥстәқәа рықәгыларақәа, акробаттә номерқәа, ашәарҭара зцу ажанрқәа релементқәа, иара убас жәларбжьаратәи аконкурсқәа рҿы аԥхьахәқәа заухьоу атруппа артистцәа злаху аклоунада (ақьачақьра).
Ашоу ҩ-сааҭк иреиҳаны ицоит (антракт ацны), уи аиҳарак аҭаацәатә аудиториа иазырхоуп. Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, апроект ахықәкы хаданы иҟоуп арегион ахь ацирктә гастрольқәа рымҩаԥгара атрадициа аиҭарҿиареи зыҩаӡара ҳараку адәытә ҟазара ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи рзы аҭаареи аилкаареи марианы аҟаҵареи.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥыслоит абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақалақь, Арӡынба имҩа, 160 (Ареспубликатә стадион).