АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Рашәара.2025

Хана Гәынба Иури Виаземски диԥылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынбеи Москватәи Аҳәынҭқарратә жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәы Ринститут (Ауниверситет) (МГИМО) апрофессор, ателедырраҭара «Умницы и Умники» автор, уи амҩаԥгаҩ Иури Виаземскии еиԥылеит.

Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынба Иури Виаземски бзиала шәаабеит ҳәа иаҳәо иазгәалҭеит: «Бзиала шәаабеит Аԥсныҟа. Ҳара гәахәара дула иҳадаҳкылеит шәаара.Шәбара ҳаигәырӷьоит.  Ҳара Шәара абар акыр шықәса инаиԥынкыоаны имҩаԥыжәго ателепроект ахшыҩзышьҭра аҭаны ҳахәаԥшуеит. Ари апроект аҟыбаҩ злоу аҿари абаҩхатәра злоу ашкол аҵаҩцәеи рзы акыр аеффективра злоу, акырӡа зҵазкуа адгылара аинструментны иҟоуп.  Ари аамҭа зегьы иалагӡаны Шәара шәыпроект иабзоураны иаарԥшын хыԥхьаӡара рацәала аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа. Уи, аиашазы акыр зҵазкуа усуп ҳара ҳзы», -ҳәа илҳәеит Хана Гәынба.

Лара гәахәара дула иазгәалҭеит сынтәа аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 аҵаҩы Нестор Ҭарба апрограмма «Умники и умницы» аҿы зеиӷьаҟам ала итәыла ахьӡала дшықәгылаз, аииарагьы шигаз.

«Аԥсны аҵара аминистрра ԥшьышықәса ҵуеит ателеолимпиада алахәхаразы ашколхәыҷқәа азыҟарҵоижьҭеи. Сынтәа аиааира игеит ҳџьынџьуаҩ, Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Нестор Ҭарба. Уи ҳҳәынҭқарра ахьӡала қәҿиарала адырраҭара дахьалахәыз, уимоу аиааирагьы ахьигаз лымкаала ҳаигәырӷьоит, ҳизгәдууп ҳарԥыс», —ҳәа иазгәалҭеит аҵара аминистр Хана Гәынба.

Иури Виаземски, ахәҭакахьала аҵара аминистр адкылара бзиа азы иҭабуп ҳәа леиҳәеит.  Иури Виаземски иажәақәа рыла, ареспублика аҟынтәи шықәсык аҩныҵҟа апроект иалахәхарц зылшо рхыԥхьаӡара иацҵоуп — хҩык рҟынтәи ԥшьҩык рҟынӡа.

«Урыстәыла Ахада Владимир Владимир-иԥа Путин игәазыҳәароуп ари — аԥснытәи ашколхәыҷқәа ралахәхара», — ҳәа иҳәеит амҩаԥгаҩ.

 

 

 

 


Read 238 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.