АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Рашәара.2025

Лаша Ашәба Аԥсны иқәынхо аԥсылманқәа Кәырбан-ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны иқәынхо аԥсылманқәа Кәырбан-ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Ҭемыр Леонид-иԥа!

 

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит  аԥсылман ныҳәа ду – Кәырбан-ныҳәа.

Аԥсылманцәа рзы иԥшьоу ари аныҳәа анцәахаҵара ныҟәызго абзиара, аиашара еиднакылоит, иргәаланаршәоит арыцҳаибашьара, аицхыраара, аҭаацәарақәа реилымшәара иамоу аҵак ду.

Аԥсылман ҵасқәа ҳажәлар ркультуратә ҭынха иахәҭакны иалоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсылманцәа амилаҭбжьаратә еизыразреи ауаажәларра рыҩныҵҟа аҭынчреи рышьақәыргылараҟны, атәыла аҿиараҟны алагаламҭа аҵак ду амоуп.

Ари аныҳәа иацны инеиааит ҩнаҭацыԥхьаӡа аҳәоуеиқәшәара, ахирра, абарақьаҭра».


Read 79 times - Аԥшьаша, 12 Рашәара 2025 15:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.