Идуӡӡан иҭабуп ҳәа сҳәар сҭахуп Урыстәыла Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак аганахьала иҳауо аиҩызаратә дгылареи астратегиатә партниорреи рзы. Ҳара агәра ҳгоит аԥсны-урыстәылатәи апарламентбжьаратә усеицура аԥхьаҟгьы арӷәӷәара Аԥсны Урыстәылеи рыжәларқәа ринтересқәа инарықәыршәаны ҳҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа реизырҳара ишацхраало».
Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин изырханы Лаша Ашәба иҳәеит: «Урыстәылатәи аҳәынҭқарра ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа акультуратә хкырацәареи атрадициатә хәдуқхәеи рышьаҭала аҿиара иаҿуп. Урыстәылатәи Афедерациаҿы иахьа аҳәынҭқарра арӷәӷәара ҵакыс иҟаҵаны, амилаҭбжьаратәи аконфессиабжьаратәи ауаажәларратә еизыҟазаашьақәа рыдгылареи реиӷьтәра аҵак ду рыҭаны, аекономика ашьҭыхра, атәылауаа рсоциалтә хьчареи атәыла жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәареи рзы хада злоу амилаҭзеиԥштә уснагӡатқәа рыӡбара иаҿуп. Ҳара ҳаҭыр ду ҳзақәуп Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума аҟынтәи ҳпарламентбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара азы инанагӡо аусура. Гәахәарала иазгәаҳҭоит астратегиатә усеицура аганахьала аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы рырӷәӷәара наҟ-ааҟгьы азҿлымҳара шаҳҭо. Аилибакаареи аҳаҭыреиқәҵареи рыла ишьаҭарку ҳпарламентбжьаратәи аусеицура Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара агәылеимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи астратегиатә партниорреи рырӷәӷәара аҿы хадара злоу ароль нанагӡоит».
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Афедерациа Ахеилак алахәылацәа, Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа, Урыстәыла ажәлар зегьы ирзеиӷьеишьеит аихьӡарақәа руснагӡатәқәа рыӡбараҟны, аҭынчра, аизҳазыӷьара.