Гагра ақалақь, аџьармыкьа Хада иахьаҵанакуа, Аԥсны иаанкылаз атәылауаҩԥҳәыс Л.С. Асланиан илкыз ашәыра иҭан 49 сигареҭи урҭ рзы акартриџьқәеи. Аҟәа ақалақь, Абазаа рымҩа №40 ала иҟоу ахәаахәҭратә обиект аҿы хазхаҭалатәи аусдкылаҩ Пипия В.А. илыдырбалеит 42 аелектронтә сигареҭқәа, урҭ рзы аӡшьар зҭоу 44 флакон.
Аҟәа ақалақь, Арӡынба имҩа №144 ала иҟоу адәқьан (ХА Допуа Е.В.) аҿы иаарԥшын 40 цыра аелектронтә сигареҭқәа.
Аҟәа ақалақь, Арӡынба имҩа №133 ала иҟоу, убасҵәҟьа хазхаҭалатәи аусдкылаҩ Допуа Е.В. ԥшәымас иамоу адәқьан аҿы аҳазалхыҩцәа ирбеит иагьрымырхит 128 аелектронтә сигареқәа, 83 акартриџьқәа, 29 аелектронтә сигареҭқәа рзы аҭырбагақәа, иара убас 227 флакон аелектронтә сигареҭқәа рзы аӡшьар.
Административтә еилагарақәа рзы аматериалқәа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҭҵааранӡатәии аҳазалхратә ҭҵаарақәеи рыҟәшахьы идәықәҵоуп. Апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа макьана ацара иаҿуп.
Жәабранмза 7, 2024 шықәса рзы Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала Аԥсны аелектронтә сигареҭақәеи авеипқәеи ралагалара, рӡыргара, рыҭира иақәиҭзымтәуа «Аникотин злоу аалыҵқәеи урҭ злашьақәгылоу ахәҭақәеи аелементқәеи рхархәара азы ахархәагақәа реиҭарсра аҭышәынтәалара азы» азакәан рыдыркылеит.