АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 6:05

Дмитри Вольвач Ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа аргылара шымҩаԥысуа гәеиҭеит.

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач Аԥсныҟа иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ақалақь аҿы, зҵакыраҿы ангиограф шьақәыргылахо ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа аргылара шымҩаԥысуа гәеиҭеит.  

Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамисониа Дмитри Вольвач иҿаԥхьа аргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа азы аҳасабырба ҟаиҵеит. Иара иахьатәи амш азы ахыбра абаҩ аргылареи аҭыӡқәа рышьҭыхреи хыркәшоуп ҳәа иҳәеит.

«Ҳара хара имгакәа арентгенҽацәыхьчаратә хаҳәҟьаԥсла ачаԥара, ақьарсҭақәеи ашәқәаеи рышьақәыргылара ҳалагоит. Арентгенҽацәыхьчаратә ԥенџьыр аахьеит. Иара убас аҳауеиҭарслатә система шьақәҳаргылараны ҳаҟоуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Аргыларатә усурақәа рцашьа ангәеиҭа ашьҭахь, Дмитри Вольвач апроект анагӡара ахәшьара бзиа аиҭеит:

«Ҳара зыхә ҳараку амаругақәа шьақәҳаргылоит, уи акыр аамҭа Аԥсны атәылауаа зыҩаӡара ҳараку ацхыраара рыҭара алнаршароуп. Ҳара ԥхьаҟа акыр зҵазкуаз ашьаҿа ҟаҳҵеит: ангиограф ашьақәыргыларазы аидеиа аҟынтәи уи агәҭакы маҷк ада анагӡара алыршара аҟынӡа. Амедицинатә персонал разыҟаҵара – уигьы акыр хҵазкуа усны иҟоуп, агәабзиарахьчара Аминистрра аҟынтәи ҳколлегацәа хымԥада уи иахәҭоу ахшыҩзышьҭра арҭоит», – ҳәа иажәа иацҵо иҳәеит иара.

Ахәҭакахьала, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба гәыԥҩык  аԥснытәи аҳақьымцәа Урыстәыла иҷыдоу аҽазыҟаҵаратә курсқәа рахысра иалагахьеит ҳәа адырра ҟаиҵеит. Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара ахьымҩаԥысуа аплошьадка агәаҭараан Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамисониа Дмитри Вольвач ишьақәырӷәӷәоу аграфик инақәыршәаны иарбоу аобиект ахархәарахь рыҭара 2026 - тәи ашықәс азы иазԥхьагәаҭоуп ҳәа  адырра ииҭеит. 191 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо аргыларазы аванс рырҭахьеит.

Демир Гамисониа иажәақәа рыла, аргылаҩцәа русура аҳақьымцәа  ргәаанагарақәа иазхьаԥшны имҩаԥыргоит.

«Амедицинатә еиқәыршәагақәа рзы аӡбамҭақәак рыдыркылараны иҟоуп, иарбоу аусурақәа урҭ инамҩатәны имҩаԥгатәуп», – ҳәа иҳәеит  иара.  

Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы аобиект аҿы аусурақәа зегьы иазоужьу аамҭа инақәыршәаны, аҩаӡара ҳаракы аҿы имҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит.


Read 103 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.